АҞӘА, рашәара 21 - Sputnik. Аимакқәа ҭынчмҩала рҭышәныртәаларази аҳәынҭқарратә стратегиа аус адуларази акомиссиа аԥырҵеит Қырҭтәыла. Уи хықәкыс иамоуп ари азҵаараҿы иаку амилаҭтә знеишьа ашьақәыргылара ҳәа аҩуеит РИА Новости, Қырҭтәыла аиҳабыра рыпресс-маҵзура адырра шьаҭас иҟаҵаны.
"Қырҭтәыла аԥыза-министр иаԥшьгарала иаԥҵоуп аимакқәа ҭынчмҩала рҭышәныртәаларазы аҳәынҭқарратә стратегиа аус адуларазы акомиссиа. Аҳәынҭқарратә комиссиа аҳәаақәа ирҭагӡаны иаԥҵахоит ашықәс нҵәаанӡа ауаажәларра алархәны стратегиа аус адызуло аусутә гәыԥ. Акомиссиа напхгара анаҭоит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра", - аҳәоит аҳәамҭаҿы.
Аусбарҭа адыррақәа рыла, акомиссиа иахықәкуп иҟоу ауадаҩра иаку амилаҭтә знеишьа ашьақәыргылара. Апроцесс иалархәхоит аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи ауаажәларреи.
"Ашықәс нҵәаанӡа имҩаԥгахоит аиԥыларақәа, аицәажәарақәа, адискуссиақәа, аконсультациақәа. Иара убри аамҭазы Қырҭтәыла астратегиатә партниорцәа аус рыцнаулоит ампыҵахалара аԥыхреи ҭынчмҩала атәыла аҩнуҵҟа иҟоу аимак аҭышәныртәалареи рыпроцессқәа иаҳа ирласны имҩаԥысырц, уи аусура жәларбжьаратәи аилазаара алархәны", - рҳәеит апресс-маҵзураҿы.
Нанҳәа 14, 1992 шықәса азы аихамҩа ахьчара ҿыҵгас иҟаҵаны Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырахь иҭалеит. Аибашьра цон шықәсык инацны.
Цәыббра 27, 1993 шықәсазы Аҟәа ахы иақәиҭтәын. Цәыббра 30 азы Аԥсны иазгәарҭоит Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш.
2008 шықәса нанҳәамзазы Қырҭтәыла Аахыҵ Уаԥстәыла ианақәла ашьҭахь нанҳәа 26 азы Урытәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азханаҵеит.