Аԥсны аиҳабыра анефҭаалыҵқәа рыхәԥса иацырҵеит

Ареспублика аекономика аминистрра анапы ианҵоуп анефҭаалыҵқәа раахәаратә хәыԥса аиҭакра ахылаԥшра, Аминистрцәа реилазаарахь Ақәҵара апрокт ҿыц аздырхиарц.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 23- Sputnik. Аԥсны аиҳабыра анефҭаалыҵқәа рынаӡаратә хәыԥса иацырҵеит. Абри азы Ақәҵара инапы аҵеиҩит аԥыза-министр Александр Анқәаб рашәара 22 азы.

Адокумент ишьақәнаргылоит зыда царҭа амам еизакылатәии азаҵәылаҭиратә ахәԥсақәа.

Ԥхынгәы 17-нӡаЕизакылаАзаҵәылаҭиратә хәқәа

абылтәы "Регуляр"-92

42 мааҭ иреиҳамкәа44 мааҭ иреиҳамкәа
адизельтә былтәы43 мааҭ иреиҳамкәа46 мааҭ иреиҳамкәа
Ԥхынгәы 17 инаркны  
абылтәы "Регуляр"-9243 мааҭ иреиҳамкәа46 мааҭ иреиҳамкәа
адизельтә былтәы43 мааҭ иреиҳамкәа46 мааҭ иреиҳамкәа

Ахәԥса ашьақәыргылараан ашәахтә цҵа иахьырԥшуп.

Иазгәаҭоуп ареспубликатә унитартә наплакқәа, амашьына-техникатә станциақәа АУН "Аԥснытәи аҳәынҭқарратә абылтәеилахәыра" иалаӡар шакәу адизельтә былтәы аахәаразы ааԥынтәи аусурақәа рымҩаԥгаразы–иааидкыланы ашықәс аҩныҵҟа 100 тоннак аопттә хәыԥсала аиуразы.

Аекономика аминистрра анапы ианҵоуп 2021 шықәса абҵара 1 иахымгакәа Аминистрцәа реилазаарахь инанашьҭырц Ақәҵара апроект аҳәынҭқарратә хәыԥса ҳәаақәҵаратә методқәа рышьаҭала анефҭаалыҵқәа реизакылатәии хаз-хазылатәии роушьҭра ашьақәырӷәӷәаразы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: