АҞӘА, рашәара 23- Sputnik. Аԥсны аиҳабыра анефҭаалыҵқәа рынаӡаратә хәыԥса иацырҵеит. Абри азы Ақәҵара инапы аҵеиҩит аԥыза-министр Александр Анқәаб рашәара 22 азы.
Адокумент ишьақәнаргылоит зыда царҭа амам еизакылатәии азаҵәылаҭиратә ахәԥсақәа.
Ԥхынгәы 17-нӡа | Еизакыла | Азаҵәылаҭиратә хәқәа |
абылтәы "Регуляр"-92 |
42 мааҭ иреиҳамкәа | 44 мааҭ иреиҳамкәа |
адизельтә былтәы | 43 мааҭ иреиҳамкәа | 46 мааҭ иреиҳамкәа |
Ԥхынгәы 17 инаркны | ||
абылтәы "Регуляр"-92 | 43 мааҭ иреиҳамкәа | 46 мааҭ иреиҳамкәа |
адизельтә былтәы | 43 мааҭ иреиҳамкәа | 46 мааҭ иреиҳамкәа |
Ахәԥса ашьақәыргылараан ашәахтә цҵа иахьырԥшуп.
Иазгәаҭоуп ареспубликатә унитартә наплакқәа, амашьына-техникатә станциақәа АУН "Аԥснытәи аҳәынҭқарратә абылтәеилахәыра" иалаӡар шакәу адизельтә былтәы аахәаразы ааԥынтәи аусурақәа рымҩаԥгаразы–иааидкыланы ашықәс аҩныҵҟа 100 тоннак аопттә хәыԥсала аиуразы.
Аекономика аминистрра анапы ианҵоуп 2021 шықәса абҵара 1 иахымгакәа Аминистрцәа реилазаарахь инанашьҭырц Ақәҵара апроект аҳәынҭқарратә хәыԥса ҳәаақәҵаратә методқәа рышьаҭала анефҭаалыҵқәа реизакылатәии хаз-хазылатәии роушьҭра ашьақәырӷәӷәаразы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аԥсныҟа абылтәы аагара Аминистрцәа реилазаараҿы иалацәажәеит
-
Хра злоу ахҭысқәа: Шьалашьаа абылтәы ахә ашьҭыхра азҵаара иазкны