Пицунда амҳәыр зықәҵаз ахыбра ҵакыраҿы амаинирқәа ықәгоуп

Иқәгоу аппаратқәа Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра еиҿнакааз иҷыдоу ашьҭаҵарҭахь инагоуп.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 23 - Sputnik. Акриптовалиута аиуразы ахархәагақәа аарԥшын иагьықәган Пицундатәи аԥсаатәааӡарҭатә фабрикаҿы. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.

Ауснагӡатә мҩаԥган Пицунда амилициатә ҟәшеи Гагра араион ААР аусзуҩцәеи реицусурала.

Ахыбра ҵакыра уаанӡа иаркны амҳәыр ақәҵан.

Иқәгоу аппаратқәа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра еиҿнакааз иҷыдоу ашьҭаҵарҭахь инагоуп.

Аҳәынҭстандарт аенергохылаԥшразы адепартамент иазнархиеит аматериал, Гагра араион аӡбарҭахь анашьҭразы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: