Арадио

Ҷкадуаԥҳа ансамбль "Абаза" ианаршьахоу аԥхьахәқәа рзы: маӡас иаҵоу усуроуп

Аҳәынҭқарратә ахәыҷтәы хореографиатә ансамбль "Абаза" асахьаркыратә напхгаҩы Циала Ҷкадуаԥҳаи ансамбль алахәыла Алика Ӷәарзалиаԥҳаи арадио Sputnik аефир аҟны еиҭарҳәеит Санкт-Петербург имҩаԥысуаз афестиваль аҟны Аԥснытәи акәашаҩцәа хәыҷқәа иаадырԥшыз ақәҿиарақәа ртәы.
Sputnik
Ҷкадуаԥҳа ансамбль "Абаза" ианаршьахоу аԥхьахәқәа рзы: маӡас иаҵоу усуроуп

Аҳәынҭқарратә ахәыҷтәы хореографиатә ансамбль "Абаза" Актәи жәларбжьаратәи аицлабра-афестиваль "Неватәи апроспект" аҟны Гран-при анашьахеит. Аицлабра мҩаԥысуан рашәара 18 инаркны 21-нӡа Санкт-Петербург.

"Маӡас ҳәа акгьы аҵаӡам (ансамбль аицлабрақәа рҟны аԥхьахәқәа лассы-ласс иахьанаршьало азы – азгәаҭа), аусуроуп иҟоу, насгьы аҟазара злоу ахәыҷқәа реизгара. Ансамбль ахь ишахәҭоу еиԥш еилыхны ауп ишнаҳго. Ахәыҷқәа акәашаратә школ ианалго инаҳгоит ансамбль ахь", - лҳәеит Ҷкадуаԥҳа.

Инеиҵыху аицәажәара аудиофаил аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: