Апарламент адепутатцәа Аԥсны COVID-19 аламырҵәаразы аԥкрақәа рӷәӷәатәуп ҳәа азгәарҭеит

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 16693-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 15327-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 244-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 24 – Sputnik. Апарламент адепутатцәа Аԥсны ахада иахь ааԥхьара ҟарҵеит аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аицәахара иахырҟьаны, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит Жәлар Реизара асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи, аветеранцәеи аинвалидцәеи русқәа рзы аилак ахантәаҩы Алхас Џьынџьал.

Аминистрцәа реилазаараҿы COVID-19 иаҿагылоу аԥкра ҿыцқәа ирылацәажәеит

"Аҭагылазаашьа иҳаднаҵоит аусцҵақәа ҳадаҳкыларц. Агәабзиарахьчара аминистрра асанитартә-епидемиологиатә маҵзура рнапхгара изныкымкәа иҳаларҳәахьеит ачымазара шыҿкыз", - иҳәеит иара.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит апациентцәа рыбжьара ирацәахо ишалагаз иқәыԥшу ауаа, ачымазара аҽеиҭанакит.

"Москва ачымазара аҽырҭбаара инадҳәаланы аԥкыра ӷәӷәақәа аларгалеит, ауааԥсыра етап-етапла рлаҵаҟаҵара иалагеит. Сынтәатәи атуристтә поток шыҟоу ала индиатәи аштамм ҳәа изышьҭо ҳара ҳахьгьы иааиуеит", - иҳәеит адепутат.

Аҭагылазаашьа ашәарҭара апарламентарцәа ахада иахь ашәҟәы днарҩит иҳәеит Алхас Џьынџьал.

"Ҳара ачарақәа, аԥсхәрақәа уҳәа рымҩаԥгара, аиҳаракгьы иарку ахыбрақәа рҿы, рымҩаԥгара азин ҟаҵамзарц абжьгара ҟаҳҵеит", - иҳәеит иара.

Аҟәатәи амбулатортә центр COVID-19 азы ауаа рацәаны иадҵаалоит

Адепутатцәа ааԥхьара ҟарҵеит ачарақәа ааныркыларц, еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа иарку ахыбрақәа рҿы имҩаԥырымгаларц, ауаажәларратә транспорт, аџьармыкьа, ахәаахәҭратә ҭыԥқәа рҿы аепидемиаҿагыларатә ԥҟарақәа ирықәныҟәаларц.

Уи адагьы иазгәарҭеит алаҵаҟаҵара амҩаԥгаразы арккаратә усурақәа ауааԥсыра рыбжьара ишымҩаԥгалатәу, хаз иго атәылауаа ркатегориақәак рзы уи хымԥадатәины ишыҟаҵатәу.

Апарламентари ихымԥадатәины ишьоит Урыстәылеи Аԥсни реилацәажәарала еиԥҟьарада алаҵа "Спутник V" Аԥсныҟа иаауа аҟаҵареи "Актемра", "Артлегия", "Элсира" уҳәа иреиԥшу ахәшәқәа раахәаразы аԥаразоужьра аиҿкаареи.