Аминистрцәа реилазаараҿы COVID-19 иаҿагылоу аԥкра ҿыцқәа ирылацәажәеит

© Sputnik / Сергей Пятаков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПодготовка школы к новому учебному году
Подготовка школы к новому учебному году  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.06.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны 16,7 нызқь коронавирус хҭыс ҟалахьеит, ареспублика астационарқәа рҿы рыԥсҭазаара иалҵит 244–ҩык.

АҞӘА, рашәара 25 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр аилацәажәара мҩаԥигеит ачымазара ҿкы алаҵәара ахьаиуз инадҳәаланы аковид иаҿагылоу аԥкра ҿыцқәа ралагалара азҵааразы ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа асаит.

Минздрав Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.06.2021
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит COVID-19 аҽарцәгьеит ҳәа

Аилацәажәара иалахәын аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Владимир Делба, Агәабзиарахьчара аминистр, СЕС анапхгара. Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба иазгәеиҭеит акоронавирустә инфекциа шалаҵәо, уи аформа еиҳа ишыхьанҭоу, ахәышәтәырҭақәа рахь инанагаз рхыԥхьаӡара ишазҳауа.

Аԥсны ачымазара ҿкы алаҵәара ахьаиуз инадҳәаланы аковид иаҿагылоу аԥкра ҿыцқәа ралагалара ахәҭаны ирыԥхьаӡоит ареспублика СЕС анапхгара.

Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба иҳәеит COVID-19 иаҿагыланы ақәԥаразы абиуџьет иаиуз ахарџьқәа рыӡбахә. 2020 шықәсазы ахәшәқәеи аныхратә материалқәеи ирықәхарџьызар 260 миллион мааҭ, 2021 шықәса арҭ ахәымзк рзы иныхуп 144,5 миллион.

Делба иҳәеит авирус иаҿагыланы ақәԥаразы аԥаразоужьра аԥыжәара аҭатәуп ҳәа ишыԥхьаӡоу, аковид-центрқәа рҿы аус зуа амедусзуҩцәагьы аԥарацҵа шроуа. 2021 шықәса ажьырныҳәа-лаҵара амзақәа рзы ашәарақәа идыртәеит 45 миллион мааҭ.

Рашәара 25 азы Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь даҭаараны дыҟоуп, анаҩс Аоперштаб аилатәара мҩаԥигараны дыҟоуп иҟоу аҭагылазаашьа иаҿырԥшны ажәалагалақәа рылацәажәаразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0