Урыстәыла атәылауаҩ Гәдоуҭа амҩатә машәыр аҿы дҭахеит

Авариа ҟалеит рашәара 25 ауха Гәдоуҭа ақалақь Аҟәатәи амҩаду аҿы аиланхарҭа "Дружба" иацәыхарамкәа.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 25 - Sputnik. Урыстәыла атәылауаҩ Гәдоуҭа амҩатә машәыр аҿы дҭахеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА.

Автомашьына "TOYOTA" аҵла иаахеит. Арыцҳара ҟалеит рашәара 25 ауха Аҟәатәи амҩаду аҿы аиланхарҭа "Дружба" иацәыхарамкәа. Амашьына аԥсҟы лкын Санкт-Петербург инхоз Вера Мазилова, 1960 шықәсазы ииз.

Аԥсны АҶА аҷаԥшьаратә хәҭахьы адырра ҟаҵан асааҭ 02:01 рзы. Аиқәырхаҩцәа аҭыԥ ахь ианнеи, ааха зауз руаӡәк Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь дыргахьан, амашьына аԥсҟы зкыз дҭыган ацхыраара лас абригада дрырҭеит, аха леиқәырхара залымшеит.