Арадио

Қапԥҳа ашкол аҟны аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы азы: сҵәыуоит ҳәа сыҟамызт

Аҟәатәи алицеи-интернат аушьҭымҭа Амра Қапԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы шылхылгаз атәы.
Sputnik
Қапԥҳа ашкол аҟны аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы азы: сҵәыуоит ҳәа сыҟамызт

Ашколқәа роушьҭымҭацәа рзы иахьа Аԥсны игеит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы аԥсҭазаара ду алагамҭа иасимволны.

"Аиашазы, аԥхьа сгәалаҟара даара ибзиан ҳаныкәашоз, ашәа анаҳҳәоз, аха аҵыхәтәан ашкол ааныжьны ҳашцаҵәҟьо анеилыскаа, сгәалаҟазаара убриаҟара ибжьысит, зегьы еимаҭәаны аҵәыуара ҳалагеит, ҳҵәыуом ҳәа ҳгәы ишаанагоз. Ҳәарада, сгәалаҟазаара иагьбзиоуп, аха сыгәгьы снархьуеит ҳзааӡаз алицеи–интернат ахьаанҳажьуа", - лҳәеит Қапԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: