Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла 108-ҩык акоронавирус рыдырбалеит Аԥсны

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 16801-ы ыҟоуп, ргәы бзиахеит 15380-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 244-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 25 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 376-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 108-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 74-ҩык, урҭ рахьтә 74-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 19-ҩык, ибжьаратәуп - 34-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 39-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 12-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 22-а, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 26-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>