АҞӘА, рашәара 25 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 376-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 108-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 74-ҩык, урҭ рахьтә 74-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 19-ҩык, ибжьаратәуп - 34-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 39-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 12-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 22-а, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 26-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>