Аԥсны атерапевт хада алаҵаҟаҵара анырра атәы далацәажәеит

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 16906-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 15405-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 244-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 28 – Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра атерапевт хада Анжела Арҷелиаԥҳа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит акоронавирустә инфекциаҟынтә алаҵа "Спутник V" ауаа ишырхырго атәы.

"Ԥшьнызқьҩык инареиҳаны акоронавирустә инфекциаҟынтә алаҵа ҟарҵахьеит. Реиҳараҩык уи ныррак рнамҭеит. Ҩыџьа аллергиатә реакциа рызцәырнагеит, аха ирласны ирхыҵит. Иҟоуп зшоура халаз", - ҳәа лҳәоит лара.

Алаҵа ззыҟарҵаз рахьынтәи аӡәгьы ахәышәтәырҭахь днанамгеит ҳәа азгәалҭеит Арҷелиаԥҳа.

Аминистрцәа реилазаараҿы COVID-19 иаҿагылоу аԥкра ҿыцқәа ирылацәажәеит

Лара ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟалҵеит абжьгарақәа ирықәныҟәаларц, рхы гәарҭаларц.

"Спутник V" актәи апартиа ареспубликахь иааган Урыстәылеи Аԥсни реиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭрала мшаԥы 30 2021 шықәсазы. Алаҵаҟаҵара иалагеит лаҵара 11 азы.

Ииасыз амчыбжь азы Москва аоперативтә штаб аҳәамҭа ҟанаҵеит ацәеижьҿагылақәа рымазаара алаҵаҟаҵара иаԥырхагам, убри азы алаҵаҟаҵара аԥхьа урҭ ргәаҭара хымԥадаӡам ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: