Ахатәы коллекциақәа рҿы иҟоу аусумҭақәа рцәыргақәҵа мҩаԥысран иҟоуп Ацәыргақәҵатә зал хада аҟны ԥхынгәы 26 инракны 31-нӡа.
"Хаҭалатәи аколлекциақәа рҟынтә аусумҭақәа рцәыргақәҵа еизганы иҟамызт. Акык-ҩбак апроектқәа ирылахәын, аха абас аԥсуа коллеционерцәа Аԥсны инхо, ирымоу аусумҭақәа, иҟоуп 30 шықәса еизызгоз, иҟоуп 40 шықәса, аӡәы иацы далагеит, еизганы иҳамбацызт. Ахатәы коллекциақәа грак рымоуп. Уи збо дара изтәу роуп. Ҳара иҟаҳҵо апроект хықәкы хадас иамоу абарҭ аколлециақәа ауаа ирбарц. Ҳара аиҿкаара ҳаналага уамашәа иаабеит, Аԥсны ас еиԥш аусумҭақәа ҵәахуп ҳәа ҳаҟамызт", - ҳәа еиҭалҳәеит Арсалиаԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсны раԥхьаӡа еиҿкаахо ахатәы коллекциақәа рҟынтә асахьақәа рцәыргақәҵа аӡбахә рҳәеит