Аԥсны раԥхьаӡа еиҿкаахо ахатәы коллекциақәа рҟынтә асахьақәа рцәыргақәҵа аӡбахә рҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПК в Спутник о выставке картин из частных коллекций
ПК в Спутник о выставке картин из частных коллекций - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.06.2021
Анапаҵаҩра
Ацәыргақәҵахь инагахоит ахатәы коллекциақәа рҟынтәи аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рҭыхымҭақәеи Аԥсны иадҳәалоу аҭыхымҭақәеи.

АҞӘА, рашәара 29 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ахатәы коллекциақәа рҟынтәи асахьақәа рцәыргақәҵа раԥхьаӡа акәны Аԥсны Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы ԥхынгәы 26-31 рзы еиҿкаахоит. Абри атәы Sputnik аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциаҿ еиҭарҳәеит ацәыргақәҵа акураторцәа Ельвира Арсалиаԥҳаи Баҭал Кобахьиеи.

Ацәыргақәҵахь инагахоит Александр Шервашиӡе, Варвара Бубнова, Михаил Шемиакин, Васили Контарев, Ольга Брендель, ҳаамҭазтәи асахьаҭыхыҩцәа – Диана Воуԥҳа, Адгәыр Ӡиӡариа, Ахра Аџьынџьал рырҿиамҭақәа, зынӡа 70 сахьа аколлекционерцәа рҟынтәи.

Ельвира Арсалиаԥҳа иазгәалҭеит ишымҩаԥгаз мҽхакыҭбаалатәи аҭҵааратә усура. Апроект ахықәкы – ахатә коллекциақәа рҿы иҵәаху аусумҭақәа ауааԥсыра рызцәыргароуп.

Апроект адгылара анаҭоит Аԥснытәи ауаажәларратә ҿиара афонд "АМШРА". Аиҿкаара ацдиректор Аида Ладариаԥҳа иазгәалҭеит афонд азы аҵакы шрымоу акультуратә мазара еиқәзырхо, акультуратә ҭыԥ ҿыцқәа аԥызҵо апроектқәа.

"Аҟазара аиқәырхаразы аколлекциамҩаԥгара аҵак ду амоуп. Ҳапроект ашьҭахь џьара аӡәы уи инапы алеикырц иҭаххаргьы, лагала дууп", - ҳәа лҳәеит лара.

Эльвира Арсалия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.06.2021
Арадио
Арсалиаԥҳа ахатәы коллекциақәа рҿы иҟоу аусумҭақәа рцәыргақәҵа иазкны

Баҭал Кобахьиа иажәақәа рыла, ацәыргақәҵа ззырхоу Аԥсны инхо аколлекционерцәа роуп.

"Знык-ҩынтә ацәыргақәҵахь инанагаз арҿиамҭақәа иҷыдоу беиарахоит. Ҳколлекционерцәагьы уи еилкааны иақәшаҳаҭхеит аусумҭақәа шәызцәыргара", - ҳәа иҳәеит иара.

Кобахьиа иҳәеит ԥхьаҟазы ишыҟоу агәҭакы Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи инхо аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа рҟынтәи аусумҭақәа реизгара.

Ельвира Арсалиаԥҳа илҳәеит ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны ишымҩаԥгахо акультура-рккаратә программа – аколлекционерцәа, аҭоурыхдырыҩцәа, аҟазараҭҵааҩцәа, асахьаҭыхыҩцәа алархәны иаарту аимак-аиҿак аиҿкаара, ишымҩаԥгахо акуратортә екскурсиақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0