Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Арсалиаԥҳа ахатәы коллекциақәа рҿы иҟоу аусумҭақәа рцәыргақәҵа иазкны

© Sputnik / Томас ТхайцукЭльвира Арсалия
Эльвира Арсалия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.06.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҟазацәа русумҭақәа ахатәы коллекциаҿы иҟоу раԥхьаӡа акәны еиццәыргахоит. Ацәыргақәҵа акуратор Ельвира Арсалиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит апроект ахықәкы атәы.

Ахатәы коллекциақәа рҿы иҟоу аусумҭақәа рцәыргақәҵа мҩаԥысран иҟоуп Ацәыргақәҵатә зал хада аҟны ԥхынгәы 26 инракны 31-нӡа.

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Арсалиаԥҳа хаҭалатәи аколлекциақәа рҿы иҟоу аусумҭақәа рцәыргақәҵа иазкны

"Хаҭалатәи аколлекциақәа рҟынтә аусумҭақәа рцәыргақәҵа еизганы иҟамызт. Акык-ҩбак апроектқәа ирылахәын, аха абас аԥсуа коллеционерцәа Аԥсны инхо, ирымоу аусумҭақәа, иҟоуп 30 шықәса еизызгоз, иҟоуп 40 шықәса, аӡәы иацы далагеит, еизганы иҳамбацызт. Ахатәы коллекциақәа грак рымоуп. Уи збо дара изтәу роуп. Ҳара иҟаҳҵо апроект хықәкы хадас иамоу абарҭ аколлециақәа ауаа ирбарц. Ҳара аиҿкаара ҳаналага уамашәа иаабеит, Аԥсны ас еиԥш аусумҭақәа ҵәахуп ҳәа ҳаҟамызт", - ҳәа еиҭалҳәеит Арсалиаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0