Гагра атуристцәа ахьынхо аҭыԥқәа рҿы ашәарҭадара дырӷәӷәеит

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар инапынҵала ашәарҭадара аиҿкааразы иназыцҵоу ауснагӡатәқәа алагалоуп атуристцәа ахьынхо аобиектқәа рҿы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 30 - Sputnik. Атуристцәа рхаҭақәеи рмазареи ршәарҭадаразы азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа асасааирҭатә комплексқәеи апансионатқәеи рҵакырақәа ирхылаԥшуеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.

"Аԥсны агәашәқәа": Аслан Бжьаниа Гагра араион даҭааны аҭагылазаашьа гәеиҭеит

Иазгәаҭоуп Гагра акурорттә обиектқәа рыхьчаҩцәа абжьгарақәа шрырҭаз атуристцәа ршәарҭадара аиҿкааразы. Уи адагьы Аԥсны ААР иазнархиеит атәыла иаҭааз ирзеихшазарц амаҵзура ҷыдақәа рҭелқәа зну агәҽанҵага-бӷьыцқәа.

Иахьа Гагратәи ААР аҿы имҩаԥысит азинхьчаҩцәеи араион атуристтә обиектқәа рхаҭарнакцәеи реилацәажәара. Уа иалацәажәан раԥхьа иргыланы акурорттә зонақәа рҿы азинеиҿкаара азҵаара, аԥсшьарҭа ҭыԥ аҵакыра ахылаԥшра аҭаразы техникала аиқәыршәара.

Аҩныҵҟатәи аусқәа араионтә усбарҭа аиҳабы Иури Агрба иазгәеиҭеит амилициеи атуробиектқәа рыхьчаҩцәеи хымԥада еимаданы иҟазар шакәу.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: