Гагра араион аҿы акриминалтә авторитетцәа ааныркылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМашины МВД Абхазии
Машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.06.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны акурортқәа - Гагреи Пицундеи рҟны азинеиҿкаара амҩаԥысшьа атәыла ахада ҷыдала хылаԥшра азиуеит.

АҞӘА, рашәара 28 - Sputnik. Аԥсны ААР Ашьаусԥшааратә ҟәша аусзуҩцәеи Гагратәи амилициа аусзуҩцәеи апрофилактикатә уснагӡатәқәа анымҩаԥыргоз иаанкыланы Аамҭалатәи аанкыларҭахь инаргеит ҩыџьа акриминалтә авторитетцәа ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.

Иӡбахә ҳәоуп 1957 шықәса рзы ииз Гагра ақалақь аҿы инхо Ҵышәба Станислав Леонид-иԥа, иара дахьынхо ақалақь аҿы криминалтә авторитетс дыԥхьаӡоуп.

© Foto / Министерство Внутренних дел РА Ҵышәба Станислав Леонид-иԥа
Гагра араион аҿы акриминалтә авторитетцәа ааныркылеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.06.2021
Ҵышәба Станислав Леонид-иԥа

 

Иара убас даанкылоуп 1975 шықәсазы ииз Гагра араион Лӡаа ақыҭан инхо Хышба Ренад Иури-иԥа. Иара Пицунда ақалақь аҿы криминалтә авторитетс дыҟоуп.

© Foto / Министерство Внутренних дел РА Хышба Ренад Иури-иԥа
Гагра араион аҿы акриминалтә авторитетцәа ааныркылеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.06.2021
Хышба Ренад Иури-иԥа

 

Гагра араион амилициа аҟәшаҿы аусуратә еилацәажәараан рашәара 20 азы Аԥсны ахада иазгәеиҭеит азинеиҿкаара аҭышәныртәаларазы амч зоураны  иҟалаша азинхьчаратә усбарҭақәа мацара шракәу. Акриминалтә авторитетцәа ҳәа изышьҭоу раамҭа ыиасыроуп ҳәа азгәеиҭеит усҟан Бжьаниа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0