Максим Ӷәынџьиа жәларбжьаратәи аусқәа рзы ахада ицхырааҩыс дҟаҵоуп

2004 шықәса хәажәкырамза инаркны 2010 шықәса жәабранмза рҟынӡа Максим Ӷәынџьиа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрс дыҟан.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 1 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Идҵала Максим Ӷәынџьиа жәларбжьаратәи аусқәа рзы Ахада Ицхырааҩыс дҟаҵоуп. Абри атәы аанацҳауеит Атәыла ахада ипресс-маҵзура.

Уаанӡа жәларбжьаратәи аусқәа рзы Ахада Ицхырааҩыс дыҟан Ахрик Аҩӡба. Рашәара 12 рзы Гәылрыԥшьтәи араионтә ӡбарҭаҿы Ахрик Аҩӡба закәаншьаҭада абџьар аахәаны иҵәахны иман ҳәа ахара ихарарҵеит, иара убас хышықәса ҭакрада ахгареи 10 000 мааҭ ахараԥса ашәареи иқәырҵеит.

Максим Ӷәынџьиа ахада ицхырааҩык иаҳасаб ала ԥхьаҟатәи игәҭакқәа дрылацәажәеит

Максим Ӷәынџьиа диит хәажәкыра 13, 1976 шықәсазы Аҟәа.

1990 ашықәсқәа рзы аҵара иҵон Украина. 1998 шықәсазы далгеит Горловтәи аҳәынҭқарратә апедагогигатә институт атәым бызшәақәа рзанааҭ ала. 1999 шықәсазы аус иуана Аԥсны ААР аҟны. 1999-2002 шықәсқәа рзы аус иуан ААР аиҭагаратә ҟәша аҟны.

2002-2004 шықәсқәа рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы жәларбжьаратәи аҟәша аиҳабыс дыҟан.

2002-2004 шықәсқәа рзы – Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ.

2004 шықәса хәажәкырамза инаркны 2010 шықәса жәабранмза рҟынӡа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрс дыҟан.