Максим Ӷәынџьиа ахада ицхырааҩык иаҳасаб ала ԥхьаҟатәи игәҭакқәа дрылацәажәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМаксим Гвинджия.
Максим Гвинджия. - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Идҵала Максим Ӷәынџьиа жәларбжьаратәи аусқәа рзы ахада ицхырааҩыс дҟаҵоуп.

АҞӘА, ԥхынгәы 2 – Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ицхырааҩ ҿыц Максим Ӷәынџьиа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит имаҵура ҿыц аҿы гәҭакқәас имоу. Иара иҳәеит Аԥсни егьырҭ атәылақәеи иахьазы ирымоу аимадарақәа реиқәырхареи реизырҳареи қәҿиарала Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ишымҩаԥырго.

Максим Гвинджия - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.07.2021
Максим Ӷәынџьиа жәларбжьаратәи аусқәа рзы ахада ицхырааҩыс дҟаҵоуп

"Саргьы ари аус схы аласырхәып, схатәы еимадарақәа цәырзгап. Урҭгьы атәылақәа реизыҟазаашьаҿы аҵакы рымоуп. Аизыҟазаашьақәа аофициоз мацарала имҩаԥымслароуп. Ирацәаҩуп иахьагьы ҩызцәак раҳасаб ала сыззыҟоу, исзыҟоу ауаа. Урҭ егьырҭ атәылақәеи ҳареи ҳаимадарақәа рышьақәыргылараҿгьы ацхыраара ҟарҵар рылшоит", - ҳәа иҳәеит иара.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада жәларбжьаратәи аусқәа рзы ицхырааҩыс аҟазаара ари аҭакԥхықәра змоу, аинтерес зцу усуп ҳәа азгәеиҭеит Ӷәынџьиа.

"Аиаша сҳәоит, сара скандидатура рыдызгалеит, сбиографиа дсырдырит, агәахәара дугьы снаҭоит сахьрыдыркылаз. Даара исҭахын иҿыцу уск аҟны сзышьцылахьоу схы иархәаны џьара акы снапы аласкыр", - ҳәа азгәеиҭеит иара.

Аусуразы игәҭакқәа, уаанӡа, Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы аус анызуазтәи ирышьашәалоуп ҳәа иҳәоит ахада ицхырааҩ.

"Егьырҭ атәылақәеи ҳареи аимадарақәа ҳабжьаҵара аус адулатәуп. Аполитикатә шьаҭала ҳазхазымҵо рганахьала аекономикатә еимадарақәа рыбжьаҵара алшоит. Уи аԥышәа Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатаҿы исоуит. Иҟауҵаша рацәоуп", - ҳәа иҳәеит Максим Ӷәынџьиа.

Максим Ӷәынџьиа 2002-2004 шықәсқәа рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩс дыҟан.

2004 шықәса хәажәкырамза инаркны 2010 шықәса жәабранмза рҟынӡа Максим Ӷәынџьиа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрс дыҟан.

Анаҩс Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс аус иуан, иара убасгьы жәларбжьаратәи афонд "Аԥсны" аиҳабы дихаҭыԥуаҩын.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада жәларбжьаратәи аусқәа рзы ицхырааҩыс уаанӡа дыҟан Ахрик Аҩӡба.

Ажәабжьқәа зегьы
0