АҞӘА, ԥхынгәы 2 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿ акоронавирус змоу рзы иҵегьы аҟәшақәа рзаартуам аусзуҩцәа ахьазымхо азы ҳәа лҳәоит ахәшәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Ангелина Оҭырԥҳа.
"Уажәы аҟәшақәа ԥшьба аус руеит: аинфекциатәқәа хԥеи реанимациатәыки. Еиҭа аҟәшақәа ааҳартыр ҳалшон, аха амедицинатә персонал ҳамам. Ҟәшацыԥхьаӡа ианеиҵаха ԥшьҩык амедиаҳәшьцәа, ҩыџьа аҳақьымцәа, ҩыџьа асанитарцәа аус руазароуп. Хазы "азона ҟаԥшьи" "азона иаҵәеи" рҿы иҷаԥшьо ыҟазароуп", - ҳәа лҳәеит Оҭырԥҳа.
COVID-19 зыхьуа рхыԥхьаӡара уахәаԥшуазар, иҵегьы аҟәшақәа раартра хымԥада иаҭахуп. Аусзуҩцәа ҟалар, даҽа ҩ-ҟәшак раартра алшоит ҳәа лҳәоит лара.
Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 94-ҩык акоронавирустә инфекциа рыманы. 12-ҩык амедиаҳәшьцәа ыҟазар ахьакәу ареанимациаҿы хәҩык аус руеит.
"Амедусзуҩцәа ҳамоуп, аха зегьы ирылшом иҟоу аҭагылазаашьеи арежими рыла аусура. Ирацәаҩуп изцәыцәгьоу", - ҳәа лҳәоит лара, Аԥсны ауааԥсыра рахьгьы ааԥхьара ҟалҵоит ачымазара ишалшо ала рхы ацәырыхьчаларц.
Апациентцәа рыдкылара ԥкым, аха акритериқәа еиҭакуп ҳәа лҳәоит Оҭырԥҳа.
"Есыҽны ауаа ҳадаҳкылоит, аҭыԥ шааҭацәлак. Хәшәтәырҭада ихәарҭам ауаа ҳадаҳкылоит, аха иҟоу уи ауп, ирацәаҩуп ашәаӡыӡара иамҽханакуа, иҟоуп аҩны аҽыхәышәтәра зызхо, аха иақәхарџьтәу ахьырацәоу азы арахь иааиуа, убас иҟоу ирыхҟьаны еиҳа ацхыраара зҭаху ахәышәтәырҭа ианызҭамло ыҟоуп", - ҳәа лҳәоит аҳақьым.
Оҭырԥҳа иара убасгьы илҳәоит ирыдыркыло ачымазцәа изхәшәтәуа аҳақьым иабжьгарала инашьҭызар шакәу, агоспиталь аиҳабыра ақәшаҳаҭзар шакәу.