Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Гәдоуҭатәи аковид-центр ацәаҳәа ҟаԥшь даҭааит

© Sputnik / Томас ТхайцукГудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.06.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Гәдоуҭатәи аковид-центр анапхгара дырԥылеит, ацәаҳәа ҟаԥшь аҿы ачымазцәа рахь днеиит.

ГӘДОУҬА, рашәара 25 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Гәдоуҭатәи аковидтә госпиталь ахь днеины дыҟан рашәара 25 азы ҳәа ааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

Подготовка школы к новому учебному году  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.06.2021
Аминистрцәа реилазаараҿы COVID-19 иаҿагылоу аԥкра ҿыцқәа ирылацәажәеит

Быҭәба ахәышәтәырҭа анапхгара дырԥылеит, дазҵааит апациентцәа заҟаҩ шьҭо акоронавирус рыманы, урҭ хәшәыла реиқәыршәашьа шымҩаԥысуа.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа аҳақым хада Ҳаџьараҭ Шамба иажәақәа рыла, COVID-19 змоу апациентцәа рхыԥхьаӡара иацлеит. Аҵыхәтәантәи аҩымш иалагӡаны 23-ҩык нанагеит. Урҭ риеҳарак ачымазара хьанҭаны изхызго роуп.

"Иахьазы ахәышәтәра иахысуеит 74 пациент. Ареанимациа ҭәуп – 14-ҩык шьҭоуп. Ачымазара аҽеиҭанакит. Еиҳа ихьанҭахеит, ахәышәтәрагь уадаҩхеит. Арыԥҳақәа рааха аклиникатә цәырҵрақәа рыдубалом", - иҳәеит Шамба иагьациҵеит апациентцәа рыбжьара зрыԥҳақәа цқьо, аха ашәаӡыӡара зызцәырҵуа.

Шамба иҳәеит зрыԥҳақәа ааха ӷәӷәа амоу реиҳараҩык акоронавирустә инфекциа аҟазшьақәа шрыдбаламыз. Амбулатортә хәышәтәыра иаҭаху зегь шыҟанаҵогьы апациентцәа рацәаҩны рҭагылазаашьа еицәаханы агоспиталь ахь инанагоит иҳәоит Шамба.

Ахәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Ангелина Оҭырԥҳа ишылҳәо ала ахәышәтәырҭа акорпус хадаҿы 31 пациент шьҭоуп, урҭ рҟынтәи ҩыџьа рцәа ртәым.

© Sputnik / Бадри Есиава Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Гәдоуҭатәи аковид-центр "азона ҟаԥшь" даҭааит
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Гәдоуҭатәи аковид-центр азона ҟаԥшь даҭааит - Sputnik Аҧсны
1/2
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Гәдоуҭатәи аковид-центр "азона ҟаԥшь" даҭааит
© Foto / Бадри Есиава Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Гәдоуҭатәи аковид-центр "азона ҟаԥшь" даҭааит
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Гәдоуҭатәи аковид-центр азона ҟаԥшь даҭааит - Sputnik Аҧсны
2/2
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Гәдоуҭатәи аковид-центр "азона ҟаԥшь" даҭааит
1/2
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Гәдоуҭатәи аковид-центр "азона ҟаԥшь" даҭааит
2/2
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Гәдоуҭатәи аковид-центр "азона ҟаԥшь" даҭааит

Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Гәдоуҭатәи аковид-центр ацәаҳәа ҟаԥшь аҿы ачымазцәа рахь днеины ргәабзиареи рҭагылазаашьеи дазҵааит.

Быҭәба иазгәеиҭеит иара арахь иаара зыдҳәало аобиект алшаратә хәшьара аилкаараз шакәу.

"Зегьы ирдыруеит акорпус хадаҿы аҟәша цҵа шааҳартыз. Ачымазцәа ахԥатәии аԥшьбатәии аихагылақәа рҿы ишьҭоуп. Арахь иаанаго ихьанҭоу ачымазцәа роуп", - иҳәеит аминистр, ауааԥсыра рахь аҳәара ҟаиҵеит асоциалтә дистанциа азгәеиҭаларц, амедицинатә сабрадақәа анапхаҵақәа ныҟәыргаларц.

Минздрав Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.06.2021
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит COVID-19 аҽарцәгьеит ҳәа

Ангелина Оҭырԥҳа иазгәалҭеит аперсонал аиҭарадыԥхьалара, аҟәша ҿыц аартра – зыдҳәалоу ачымазцәа рырацәахара шакәу.

Ачымазара ахәышәтәра еиҳа иахьыуадаҩхаз адагьы апроцедура ахәԥсақәа ирыцлеит.

Аҳақьым-анестезиолог, ареаниматолог Мадина Дасаниаԥҳа аҽазныкгьы ауааԥсыра дрыҳәеит абжьгарақәа ирықәныҟәаларц.

"Ҩ-ԥсык аӡәгьы ихаӡам. Шәхы шәыхьчала. Ҳаргьы ҳуаауп, ҳааԥсоит. Маҷк шәҳазхәыц. Ачарақәа, аныҳәақәа гәеиҵыхроуп аха апандемаз акәым. Иаҳҳәо шәшәырҳарц ҳшәыҳәоит", - лҳәеит Дасаниаԥҳа.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 16693-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 15327-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 244-ҩык.

Ажәабжьқәа зегьы
0