АҞӘА, ԥхынгәы 4 – Sputnik. Аԥшатлакә иҟанаҵаз аԥхасҭа аԥыхразы Аҟәа ақалақь ахадараҿы иаԥҵоуп аоперативтә штаб. Абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь апресс-маҵзура.
Аштаб напхгара аиҭоит аҳҭнықалақь аиҳабы Беслан Ешба. Иаарласны аԥшацәгьа иҟанаҵаз аԥхасҭа аԥыхразы Аҟәа ақалақь ахадара аусурақәа мҩаԥнагоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Ешба.
"Ақалақьтә усбарҭақәа зегьы аусура иҭыҵит, АҶА аусзуҩцәа рыцхраауеит, иара убас аррамаҵзурауаа ацхырааразы ҳрыҳәеит. Иҟалаз аԥхасҭа ахәшьара аҭаразы аусмҩаԥгатәқәа ирҿуп", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Ԥхынгәы 4 рзы, ахәылбыҽха иасуаз аурҭ иахҟьаны Аԥсны акырџьара афымцацәаҳәақәа ԥыҵәҵәеит, абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура. Арҽеиратә гәыԥқәа аԥхасҭа ахьыҟалаз аҭыԥқәа рҟны аус руеит.
Аԥсны АҶА апресс-маҵзура адыррақәа рыла, аԥшатлакә иахҟьаны ԥсыҭбара ҟамлеит. Амшцәгьа иҟанаҵаз аԥхасҭа аԥыхразы аус руеит 50-ҩык инареиҳаны АҶА аусзуҩцәа.
Аԥсны уахыки-ҽнаки ақәаршыҩи амшынцәқәырԥара ӷәӷәеи ҟалар ҟалоит ҳәа аҳәамҭа ҟарҵахьан Агидрометеорологиа аҟәша аусзуҩцәа. Аԥсны аҳауагәаҭаҩцәа ражәақәа рыла, атәылаҿы амш бзиахоит ашәахьа ахәылбыҽха, ԥхынгәы 5 рзы.