Амшцәгьа иҟанаҵаз аԥхасҭа аԥыхразы аоперштаб аԥҵоуп Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАдминистрация города Сухум
Администрация города Сухум  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.07.2021
Анапаҵаҩра
Аҟәа иасуаз аԥшатлакә иахҟьаны 50 ҵла каҳаит, атроллеибустә цәаҳәақәеи афымцацәаҳәақәеи ԥыҵәҵәоуп, иара убас икаҳаит афымцашьаҟақәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 4 – Sputnik. Аԥшатлакә иҟанаҵаз аԥхасҭа аԥыхразы Аҟәа ақалақь ахадараҿы иаԥҵоуп аоперативтә штаб. Абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь апресс-маҵзура.

Аштаб напхгара аиҭоит аҳҭнықалақь аиҳабы Беслан Ешба. Иаарласны аԥшацәгьа иҟанаҵаз аԥхасҭа аԥыхразы Аҟәа ақалақь ахадара аусурақәа мҩаԥнагоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Ешба.

Сильный ветер в Сухуме повалил деревья  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.07.2021
"Амшынеиқәафымцамч": аԥшацәгьа афымцацәаҳәақәа ԥнаҵәҵәеит

"Ақалақьтә усбарҭақәа зегьы аусура иҭыҵит, АҶА аусзуҩцәа рыцхраауеит, иара убас аррамаҵзурауаа ацхырааразы ҳрыҳәеит. Иҟалаз аԥхасҭа ахәшьара аҭаразы аусмҩаԥгатәқәа ирҿуп", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Ԥхынгәы 4 рзы, ахәылбыҽха иасуаз аурҭ иахҟьаны Аԥсны акырџьара афымцацәаҳәақәа ԥыҵәҵәеит, абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура. Арҽеиратә гәыԥқәа аԥхасҭа ахьыҟалаз аҭыԥқәа рҟны аус руеит.

Аԥсны АҶА апресс-маҵзура адыррақәа рыла, аԥшатлакә иахҟьаны ԥсыҭбара ҟамлеит. Амшцәгьа иҟанаҵаз аԥхасҭа аԥыхразы аус руеит 50-ҩык инареиҳаны АҶА аусзуҩцәа.

Аԥсны уахыки-ҽнаки ақәаршыҩи амшынцәқәырԥара ӷәӷәеи ҟалар ҟалоит ҳәа аҳәамҭа ҟарҵахьан  Агидрометеорологиа аҟәша аусзуҩцәа. Аԥсны аҳауагәаҭаҩцәа ражәақәа рыла, атәылаҿы амш бзиахоит ашәахьа ахәылбыҽха, ԥхынгәы 5 рзы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0