"Амшынеиқәафымцамч": аԥшацәгьа афымцацәаҳәақәа ԥнаҵәҵәеит

Аԥшатлакә иахҟьаны ԥсыҭбара ҟамлеит. Амшцәгьа иҟанаҵаз аԥхасҭа аԥыхразы аус руеит 50-ҩык инареиҳаны АҶА аусзуҩцәа, иара убас "Амшынеиқәафымцамч" арҽеиратә гәыԥқәа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 4 – Sputnik. Ԥхынгәы 4 рзы, ахәылбыҽха иасуаз аурҭ иахҟьаны Аԥсны акырџьара афымцацәаҳәақәа ԥыҵәҵәеит, абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.

Аԥсны иасуаз аԥшатлакә аҩнқәа рхыб рықәнахит, аҵлақәа канажьит

Иазгәаҭоуп, ааха шаиуз авольтҳарак-цәаҳәа Шешелети-1 (110 киловатт).

Арҽеиратә гәыԥқәа аԥхасҭа ахьыҟалаз аҭыԥқәа рҟны аус руеит.

Аԥсны АҶА апресс-маҵзура адыррақәа рыла, аԥшатлакә иахҟьаны ԥсыҭбара ҟамлеит. Амшцәгьа иҟанаҵаз аԥхасҭа аԥыхразы аус руеит 50-ҩык инареиҳаны АҶА аусзуҩцәа.

Аԥсны уахыки-ҽнаки ақәаршыҩи амшынцәқәырԥареи ҟалар ҟалоит ҳәа аҳәамҭа ҟарҵахьан  Агидрометеорологиа аҟәша аусзуҩцәа. Аԥсны аҳауагәаҭаҩцәа ражәақәа рыла, атәылаҿы амш бзиахоит ашәахьа ахәылбыҽха, ԥхынгәы 5 рзы.