АҞӘА, ԥхынгәы 4 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны иасуаз аԥшатлакә атәыла араионқәеи ақалақьқәеи рҟны аҩнқәа рхыбқәа рықәнахит, аҵлақәа канажьит, абри атәы аанацҳауеит АҶА апресс-маҵзура.
"Уажәы АҶА аусзуҩцәа икаҳаз аҵлақәа рықәгара иаҿуп Аҟәа, Пицунда, Гагра, Афон ҿыц ақалақьқәа рҟны. Ҭыԥқәак рҟны икаҳаз аҵлақәа афымцацәаҳәақәа ԥырҵәеит, иара убас аҩнқәа рхыб рықәнахит", - рҳәеит аусбарҭаҟны.
Аԥшатлакә иахҟьаны ԥсыҭбара ҟамлеит. Амшцәгьа иҟанаҵаз аԥхасҭа аԥыхразы аус руеит 50-ҩык инареиҳаны АҶА аусзуҩцәа.
Аԥсны уахыки-ҽнаки ақәаршыҩи амшынцәқәырԥара ӷәӷәеи ҟалар ҟалоит ҳәа аҳәамҭа ҟарҵахьан Агидрометеорологиа аҟәша аусзуҩцәа. Аԥсны аҳауагәаҭаҩцәа ражәақәа рыла, атәылаҿы амш бзиахоит ашәахьа ахәылбыҽха, ԥхынгәы 5 рзы.