Афон ҿыц ԥхынгәымзазы еиҳа хәмариала аԥсшьара ахьалшо ақалақьқәа ирылашәеит

Аԥсны аԥсшьаҩцәа ахьрыдыркыло аҭыԥқәа зегьы 100 % рыла иҭәуп, аԥхын зегьы азы аҭыԥқәа аанкыланы иҟоуп. 
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 5 - Sputnik. Афон ҿыц ԥхынгәымзазы еиҳа хәмариала аԥсшьара ахьалшо ақалақьқәа ирылашәеит ҳәа аанацҳауеит аԥсшьаразы анхарҭа ахьҿарҵо амаҵзура асаит TVIL.RU.

Афон ҿыци "Урыстәыла Ахьтәы мацәаз" иаҵанакуа Переславль-Залесскии актәи аҭыԥ аҿы игылоуп. Асасааирҭақәа рнапхгаҩцәа абарҭ ахырхарҭақәа рахь 22-23% рыла ахәԥсақәа ладырҟәит Ҭырқәтәылаҟа аҳаиртә еимадара анаадырт ашьҭахь.

TVIL.RU астатистика инақәыршәаны, аԥсшьаҩцәа ԥхынгәымзазы анхарҭа ҭыԥқәа ҿарҵоит ҩаха инаркны жәаха-жәымши ҳәа аԥсшьаразы, уи иақәдырӡуеит 1,7 инаркны 5,8 нызқь мааҭ рҟынӡа, ԥсшьарҭас иалырхуа ахыбра зеиԥшроу еиԥш.

Асиа еиқәыршәоуп 2021 шықәса ԥхынгәымзазы аԥсшьаҩцәа иҿарҵо анхарҭа ҭыԥқәа рзы адыррақәа ҳасаб рзуны.

Ԥхынгәымзазы зегь реиҳа хәмариала аԥсшьаразы ахырхарҭақәа жәаба:

Санкт-Петербург

3298 мааҭ

хәаха-хәымш
Шьиолкино2993 мааҭжәаха-жәымш
Москва3022 мааҭԥшьаха-ԥшьымш
Сеннои2702 мааҭбжьаха-бжьымш
Кисловодск1692 мааҭааха-аамш
Афон ҿыц1746 мааҭжәаха-жәымш
Воронеж1880 мааҭԥшьаха-ԥшьымш
Екатеринбург2054 мааҭҩаха-ҩымш
Саратов1808 мааҭԥшьаха-ԥшьымш
Переславль-Залесски - ₽, ҩаха-ҩымш5812 мааҭҩаха-ҩымш