Аԥсны АҶА: Кьалашәыр амшын иахьалало аҭыԥ аҟны зхаҭара шьақәыргылам ахаҵа дӡааҟәрылеит

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рахь ахҭыс азы адырра ҟалеит ашәахьа ԥхынгәы 5 асааҭ 05:30 рзы. Ари аамҭазы иҟаз ацәқәырԥара х-баллк инаӡон рҳәеит аиқәырхаҩцәа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 5 - Sputnik. Аӡиас Кьалашәыр амшын иахьалало аҭыԥ аҟны зхаҭара шьақәыргылам ахаҵа аӡы дагеит, абри атәы иҳәеит атәыла ахада имҩаԥигаз аилатәараҟны Аԥсны АҶ рминистр Лев Кәыҵниа.

Иазгәеиҭеит, ахҭыс азы адырра ҟалеит ашьыжь асааҭ 05:30 рзы ҳәа.

"Хаҭала аҭыԥ ахь снеиит. Ацәқәырԥара х-баллк инаӡон. Иҟаз ауадаҩрақәа ирхьмырԥшкәа аиқәырхаҩцәа аӡы ихылеит, аха ахаҵа еиқәырхара рылымшеит, аӡы дагеит. Ихаҭара шьақәыргылам", - иҳәеит иара.

Амшынеисра бааԥс иахҟьаны ԥхынгәы 4 рзы иара убас ауаа рыла ишабоз дӡааҟәрылеит 1979 шықәса рзы ииз Саратовынтәи ԥсшьара иааз Павел Даньков. Аӡәгьы ицхраара рылымшеит ацәқәырԥақәа ахьдууз иахҟьаны. Иара иԥсыбаҩ макьана ирзымԥшааӡацт.

Ԥхынгәы 5, ашьыжь Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭаҿы Аԥсны атәылауаҩ Баҭал Оҭырба ацҳаҟынтәи аӡиас далаҳан, аӡы дагеит, уи иеиқәырхара рылымшеит.

АҶА аусзуҩцәа Гагра деиқәдырхеит Урыстәылантәи иааз даҽа ԥсшьаҩык - Марина Кочеткова. Ашьыжь ԥхынгәы 5 рзы лара амшын дахьҭалаз, лхала аҭыҵра лылымшеит. Ацәқәырԥа дышьҭыхны аҟәарахьы дахьаанагаз насыԥс илыман. Убасҟан ауп лалгара анрылша.