Гагра деиқәдырхеит амшын иагоз урыстәылатәи аԥсшьаҩы

Гагра амшынеисра бааԥс аныҟаз аамҭазы аӡы дҭалеит урыстәылатәи атурист, иара арыжәтә џьбара ыжәны дыҟан.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 6 - Sputnik. Гагратәи аиқәырхаҩцәа амшын иаанахәыз 35 шықәса зхыҵуа аԥсшьаҩы иалгара рылшеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.

Гагра зыԥсы зшьоз аԥҳәыс хҩык лхәыҷқәеи лареи амшын иаанахәеит

Пермь аҟынтә Аԥсны зыԥсы зшьо Вадим Закиров амшынеисра бааԥс аныҟаз аамҭазы аӡы дҭалеит, иара арыжәтә џьбара ыжәны дыҟан, ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.

Аиқәырхаҩцәа ражәақәа рыла, аӡы иалгаразы ацхыраара рырҭеит аҭыԥантәи анхацәа. Закиров ахәышәтәырҭахь днагоуп.

Арҭ амшқәа рзы ирацәоуп амшын аҟны иҟалаз арыцҳарақәа. Ԥхынгәы 6 рзы Гагра зыԥсы зшьоз аԥҳәыс хҩык лхәыҷқәеи лареи амшын иаанахәеит. Аԥхәыс лыԥшаара иаҿуп. Даҽа ԥсшьаҩык Гагра амшынеисра бааԥс иахҟьаны аӡы дагеит ԥхынгәы 5 рзы. Уи аԥхьа аиқәырхаҩцәа иаарыцҳаит аӡиас Кьалашәыр амшын иахьалало аҭыԥ аҟны зхаҭара шьақәыргылам ахаҵа аӡы дагеит ҳәа. Ԥхынгәы 4 рзы иара убас ауаа рыла ишабоз дӡааҟәрылеит 1979 шықәса рзы ииз Саратовынтәи ԥсшьара иааз Павел Даньков.  Ԥхынгәы 5, ашьыжь Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭаҿы Аԥсны атәылауаҩ Баҭал Оҭырба ацҳаҟынтәи аӡиас далаҳан, аӡы дагеит, уи иеиқәырхара рылымшеит. АҶА аусзуҩцәа Гагра деиқәдырхеит Урыстәылантәи иааз даҽа ԥсшьаҩык, лара амшын дахьҭалаз, лхала аҭыҵра лылымшеит. Ацәқәырԥа дышьҭыхны аҟәарахьы дахьаанагаз насыԥс илыман. Убасҟан ауп лалгара анрылша.