АҞӘА, ԥхынгәы 7 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 499-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 179-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ԥхынгәы 6 рзы лыԥсҭазаара далҵит 56 шықәса зхыҵуаз ачымазаҩ.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 108-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 39-ҩык, ибжьаратәуп - 29-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 42-а пациент, урҭ рахьтә 14-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 28-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 39-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>