Аԥсны аоперштаб: акоронавирус рыдырбалеит 179-ҩык, ҽаӡәы лыԥсҭазаара далҵит

© Sputnik Гудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.07.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 18341-ы ыҟоуп, ргәы бзиахеит 15640-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 256-ҩык.

АҞӘА, ԥхынгәы 7 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 499-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 179-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ԥхынгәы 6 рзы лыԥсҭазаара далҵит 56 шықәса зхыҵуаз ачымазаҩ.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 108-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 39-ҩык, ибжьаратәуп - 29-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 42-а пациент, урҭ рахьтә 14-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 28-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 39-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0