Апианинорҳәаҩы Елизавета Логәуаԥҳа жәларбжьаратәи афестиваль аҩбатәи апремиа далауреатхеит

Асолистцәеи, акомпозиторцәеи, акамертә ансамбльқәеи злахәу жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль-конкурс мҩаԥысуеит Санкт-Петербург рашәара-ԥхынгәы 2021 шықәсазы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 8 - Sputnik. Апианинорҳәаҩы Елизавета Логәуаԥҳа жәларбжьаратәи афестиваль "Grand Piano in Palace" аҩбатәи апремиа далауреатхеит, абри атәы Sputnik иазаалыцҳаит Аԥснытәи афилармониа асахьаркыратә напхгаҩы Есма Џьниаԥҳа.

Елизавета Логәуаԥҳа Алықьса Чычба ихьӡ зху Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа дастудентуп, Италиеи Урыстәылеи имҩаԥысуаз еиуеиԥшым жәларбжьаратәи аконкурсқәа аҟны аԥхьахәқәа лгахьеит.

Асолистцәеи, акомпозиторцәеи, акамертә ансамбльқәеи злахәу Жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль-конкурс мҩаԥысуеит Санкт-Петербург рашәара-ԥхынгәы 2021 шықәсазы. Сынтәа апандемиа иахҟьаны афестиваль мҩаԥысуеит online-offline аформат ала.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Аԥснытәи апианинорҳәаҩцәа "Grand Piano in Palace" афестиваль иалахәхар рылшоит