Аԥснытәи апианинорҳәаҩцәа "Grand Piano in Palace" афестиваль иалахәхар рылшоит

© Sputnik / Константин Чалабов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивное фото пианино
Архивное фото пианино - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.06.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла еицырдыруа апианинорҳәаҩы Александр Иаковлев Аԥсны имҩаԥигеит амастер-класс, ахәаша рашәара 18 рзы.

АҞӘА, рашәара 19 – Sputnik. Есышықәса Санкт-Петербург имҩаԥысуа жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль "Grand Piano in Palace" иалахәхар ҟалоит ф-ҩык Аԥснытәи апианинорҳәаҩ қәыԥшцәа. Абри атәы иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз афестиваль аиҿкааҩ, апианинорҳәаҩы Александр Иаковлев.

Рашәара 18 рзы, Александр Иаковлев аԥсуа апианинорҳәаҩцәа рзын имҩаԥигеит амастер-класс. Иаликааит ахәыҷқәа рҟыбаҩи арҵаҩцәа руси. 

"Апианинаҿ ахәмарра бзиа иубозар, уадаҩра ҳәа акагьы ыҟаӡам. Ауаҩы маҷк дшәаны ижәҩахырқәа инацәкьарақәа иҽанеиҵаирӷәӷәалак ицәыуадаҩхоит. Убысҟан арҵаҩы иуалуп, аҵаҩы ииашан ахәмарра изнагара. Амастер-класс ашьҭахь, ахәыҷқәа ргәырӷьара ҳәаак амамызт. Сара ирасҳәеит ироуз аԥышәа гәныркылар, уи рхаҿы ишаанхо",- иҳәеит Иаковлев.

Рашәара 17 рзы, раԥхьаӡа акәны Иакавлев аконцерт мҩаԥигеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿ.

"Сара секундқәак роуп исҭаху, ахәаԥшцәа сышрыдыркылаз, аклассикатә музыка ишазыҟоу аилкааразы. Игәахәара дуун сара сзын, шаҟа рыԥсы ӡаны ауаа амузыка иазыӡырҩуаз"-иҳәеит иара.

"Grand Piano in Palace"- ари 2017 шықәса раахыс Санкт-Петербург имҩаԥысуа жәларбжьаратәи амузыкатә фестивальуп. Уи аԥиҵеит апанинорҳәаҩы Александр Иаковлев.  Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥыргоит арҵаҩцәа алархәны амастер- классқәа, аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи апианинаҿ реицыхәмарра, алекциақәа рыԥхьара.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0