Ԥхынгәымзазы ҭаацәала аԥсшьара ахьеиӷьаршьо акурортқәа Гагра рылашәеит

Аҭаацәа, анасыԥ, агәреибагара рымш азы заатәи анхарҭақәа рҿаҵаразы амаҵзура иалнакааит ԥхынгәымзазы ҭаацәала рыԥсшьаразы реиҳа иманшәалоу ақалақьқәа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 8 - Sputnik. Ԥхынгәымзазы ҭаацәала аԥсшьара ахьеиӷьаршьо акурортқәа Гагра рылашәеит, абри атәы аанацҳауеит аԥсшьаразы анхарҭақәа рҿаҵаразы амаҵзура TVIL.RU.

Ԥхынгәымзазы аԥсшьаразы реиҳа иалырхуа ахырхарҭақәа иреиуоуп - Ҟрым, Краснодартәи атәылаҿацә, Аԥсны.

Убри аан амшын аҿықә ахь рымҩа иацҵо аԥсшьаҩцәа уахыки-ҽнаки иаангылоит Ростов-на-Дону, Воронеж, Волгоград.

TVIL.RU адыррақәа рыла, ԥхынгәымзазы аԥсшьаразы бжьаратәла анхарҭа ҿарҵоит 11 у/ҽ, убри аан инырхуеит 2,3-3,6 нызқь мааҭ.

Иазгәаҭоуп, аԥсшьара ахә мариоуп Воронеж, зегь реиҳа ахә цәгьоуп Санкт-Петербург.

Ԥхынгәымзазы аԥсшьаразы реиҳа иалырхуа ахырхарҭақәа жәаба абас иҟоуп:

Евпаториа3347 мааҭжәаха-жәамш
Шәача3048 мааҭжәаха-жәымш
Ростов-на-Дону2556 мааҭуахыки-ҽнаки
Гагра2692 мааҭ11 у/ҽ
Санкт-Петербург3567 мааҭхәаха-хәымш
Москва2885 мааҭ

фаха-фымш

Воронеж2292 мааҭуахык
Казань2835 мааҭԥшьаха-ԥшьымш
Банное3261 мааҭхәаха-хәымш
Волгоград3220 мааҭҩаха-ҩымш

*Уахык ахәԥса асасааирҭақәа рҿы / бжьаратәла шаҟа мшы ԥсшьара иаангыло

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: