АШәМ изакәанымкәан Аԥснынтәи Қырҭтәылаҟа иахыгаз аҭаҭын аалыҵ амҽхак атәы иазааҭгылеит

Изакәаным аус аиҿкаареи анагӡареи иалахәыз ахаҿқәа Аԥсны азакәанԥҵара ишаҳәо ала ирыхәҭоу иақәыршәоуп.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 9 - Sputnik. Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭеи фымз рыҩнуҵҟа ашәҟәы иҭаргалеит Аԥснынтәи Қырҭтәылаҟа изакәанымкәан аҭаҭын аалыҵ ахыгара 50-нтәи рыҽшазыршәаз. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура асаит.

Иазгәаҭоуп, 6 900 000 мааҭ рыхә 20900 ҭоԥ еиуеиԥшым аҭаҭын хкқәа шрымху.

Изакәаным аус аиҿкаареи анагӡареи иалахәыз ахаҿқәа Аԥсны азакәанԥҵара ишаҳәо ала ирыхәҭоу иақәыршәоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: