Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҭаҭын аконтрабанда ааныркылеит

© Foto / пресс-служба Краснодарской таможни На российско-абхазской границе задержана «Нива» с контрабандной табачной продукцией
На российско-абхазской границе задержана «Нива» с контрабандной  табачной продукцией  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.07.2021
Анапаҵаҩра
Лашәара 1 инаркны Евразиатәи аекономикатә еидгыла (ЕАЭС) аҳазалхратә ҳәаа аҭаҭын аалыҵ изакәанымкәа ахыгаразы административтә зинеилагарақәа рзы 70 инареиҳаны шьаус хацыркуп.

АҞӘА, ԥхынгәы 8 - Sputnik. 1000 инарзынаԥшуа сигареҭҭра Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҵәахырҭақәа ирҭаҵаны рыиагара аԥырҟәҟәаан ҳәа аанацҳауеит Шәача ақалақь иатәу Краснодартәи аҳазалхра апресс-маҵзура.

Аҳазалхратә пост "Адлер" автомобилтә мҩаҿы иаанкылан Аԥснынтәи инеиз автомашьына Chevrolet Niva.

Арныҟәцаҩ аҳазалхратә декларациа ззуутәу ҳәа амашьына акгьы даӡам ҳәа агәра диргон. Аха амобилтә гәаҭаратә комплекс ахархәарала ианҭырҵаа, ирбеит аҭаҭын зҭаз аҭыԥ маӡақәа рацәаны ишамаз.

Асигареҭқәа ҵәахын ашьҭахьтәи ашәқәа рыҩнуҵҟа, ахыб аҵаҟа, аԥхьатәи абарбалқәа рханы, аидараҭаҵарҭа ашә аҩнуҵҟа, аԥсахгатә барбал ахҩа аҵаҟа.

Аҭыԥ маӡақәа зегьы рҟынтәи иҭыргеит 998 сигареҭҭра (19 960 цыра), амарка "MANCHESTER", "KING".

© Foto / пресс-служба Краснодарской таможни Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҭаҭын аконтрабанда ааныркылеит
Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҭаҭын аконтрабанда ааныркылеит - Sputnik Аҧсны
1/3
Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҭаҭын аконтрабанда ааныркылеит
© Foto / пресс-служба Краснодарской таможни Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҭаҭын аконтрабанда ааныркылеит
Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҭаҭын аконтрабанда ааныркылеит - Sputnik Аҧсны
2/3

3/3

Аҭаҭын аалыҵ Аԥсны иаахәаны, Урыстәыла аҭиразы иигон.

Изакәанымкәа ииаргоз атауар имхны атауарҭҵааратә експертизахь ирышьҭит. Абарҭ афактқәа рыла административтә зинеилагарақәа рзы ашьаусқәа хацыркуп.

Зынӡа 2021 шықәса иалагеижьҭеи абарҭ рҩызцәа афактқәа рзы административтә зинеилагарақәа рзы ашьаусқәа 160 шьаус хацыркуп. Ирымхыз аҭаҭын аалыҵ азеиԥш хыԥхьаӡара 100 нызқь сигареҭ ыҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0