Аҟәа ақалақь ахада хаҭала ауааԥсыра рыдкылара анилшо амш азалхуп

Аҳҭнықалақь ахада идкыларатә мшқәа раан инеиуа ауааԥсыра рхаҭара шьақәзыргыло атәылауаҩшәҟәы рыцзар ауп.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 8 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахада хаҭала ауааԥсыра рыдкылара анилшо амш азалхуп, абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара асаит.

Аҳҭнықьалақь ахада Беслан Ешба ауааԥсыра идикылалоит есмчыбжьа, ҩашала, асааҭ 10:00 инаркны 13:00-нӡа, заанаҵтәи аҽҭаҩрала, атәылауаҩшәҟәы рыцны. 

Аусԥҟа официалла АИХ-қәа рҟны ианкьыԥхьха бжьымш рышьҭахь амчра аиуеит.