АҞӘА, ԥхынгәы 9– Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 467-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 168-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит 69 шықәса зхыҵуаз апациент. Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит 70 шықәсеи 81 шықәсеи зхыҵуаз апациентцәа ҩыџьа.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 131-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 40-ҩык, ибжьаратәуп - 29-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 41-ы пациент, урҭ рахьтә 12-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 24-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 44-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>