Аԥсны акоронавирус зланы зыԥсҭазаара иалҵыз 260-ҩык рҟынӡа инаӡеит

© AFP 2023 / ISHARA S. KODIKARAМедицинский персонал армии готовится к вакцинации человека дозой вакцины Pfizer-BioNTech против коронавируса Covid-19
Медицинский персонал армии готовится к вакцинации человека дозой вакцины Pfizer-BioNTech против коронавируса Covid-19 - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.07.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 18673-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 15750-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 260-ҩык.

АҞӘА, ԥхынгәы 9– Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 467-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 168-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит 69 шықәса зхыҵуаз апациент. Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит 70 шықәсеи 81 шықәсеи зхыҵуаз апациентцәа ҩыџьа.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 131-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 40-ҩык, ибжьаратәуп - 29-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 41-ы пациент, урҭ рахьтә 12-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 24-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 44-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0