Борис Ачба иус азы аӡбараан Аԥсны уаанӡатәи ахада ахьчара ашаҳаҭс дықәгылоит

АУН "Аԥсныавтомҩа" уаанӡатәи адиректор хада Борис Ачба абиуџьет аԥарақәа рацәаны еимиҵәеит ҳәа ахара идырҵоит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 9 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны уаанӡатәи ахада Рауль Ҳаџьымба ахьчара аган аҟынтәи шаҳаҭс дықәгылоит АУН "Аԥсныавтомҩа" уаанӡатәи адиректор хада Борис Ачба абиуџьет аԥарақәа рацәаны еимиҵәеит ҳәа ахара идҵаразы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа иаднакылаз аӡбамҭа ахәаԥшра иазку Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахашшааратә коллегиа аилатәараҿы.

Рауль Ҳаџьымба аилатәара азал аҿы дыҟоуп, ахьчара аган адукат Инга Габилаиаԥҳа иара иҿахәы иҿырхырц азы азыҳәа ҟалҵеит.

Борис Ачба иус азы аӡбараан Аԥсны уаанӡатәи ахада ахьчара ашаҳаҭс дықәгылоит

Аусҭҵаара адыррақәа рыла, Ачба мцҳәарыла 19 471 162 мааҭ абиуџьеттә ԥарақәа еимиҵәеит, адокумент ԥаршеиқәа ихы иархәаны. Лаҵара 5 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Борис Ачба абиуџьет ԥара хыԥхьаӡара рацәала еимиҵәеит ҳәа ахарадҵа ҟаҵаны азеиԥш режим иаҵанакуа ариашаратә колониаҿ быжьшықәса ҭакрыла ихигарци имазара имхзарци аӡбамҭа аднакылеит.

Аусӡбара аверсиа инақәыршәаны Борис Ачба ишьақәыргылам ахаҿы дицырхырааны, 2017 шықәса жәабран 27 рзы Аԥсны усҟантәи ахада Рауль Ҳаџьымба ихьӡала инаишьҭыз ашәҟәаҿы адырра ԥаршеиқәа аирбеит. Урҭ адыррақәа рҿы 2016 шықәса жьҭаара-абҵара амзақәа раантәи аӡхыҵрақәеи 2017 шықәса ажьырныҳәа-жәабран амзақәа рзы иҟаз аӡлеирақәеи раан Ааԥсҭеи Хыԥсҭеи аӡиасқәа ирхыз автомобилтәи аихамҩатәи цҳақәа уашәшәырахеит ҳәа аҳәон.

Аҟәатәи аӡбарҭаҿ Борис Ачба быжьшықәса ҭакрала ихыгара иқәырҵеит

Абри ашьҭахь ахада ифонд аҟынтәи 19 471 162 мааҭ аремонттә усурақәа ирзоужьын. Ачба арҭ аԥарақәа итәитәит ихыҭҳәааны Филимонов ҳәа зыжәла арбаз ИАЕ "ЮгСтройКомплект" ашьаҭаркҩи иареи аилаӡара рыбжьаҵарала.

Борис Ачба иумҭа Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 156 ахәҭа 4 иаҵанакуеит (мцҳәарыла аҵаӷьычра, даҽакала иуҳәозар, мцҳәарыла, агәрагара ахархәарала атәым мазара мҽхакы ҭбаала атәтәра).

1994 шықәса инаркны 2007 шықәсанӡа Аҟәа анхарҭатә усбарҭа деиҳабын, иара убас ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩс дыҟан. 2007 шықәсазы Ачбеи, Аҟәа ақалақь ахада Асҭамыр Адлеибеи, афинансқәа рыҟәша аиҳабы Константин Ҭыжәбеи, анхарҭатә усбарҭа аиҳабы Давид Џьынџьали русура иамхын аҳәынҭқарратә мал рацәаны еимырҵәеит ҳәа. Агәаҭарақәа рылҵшәақәа рыла Борис Ачба ҭакрадатәи ахарахгара иқәҵан.

Борис Ачба 2014 инаркны 2016 шықәсанӡа аҳәынҭқарратә еилахәыра "Аԥсныавтомҩа" ахада ихаҭыԥуаҩс дыҟан. 2016 шықәса инаркны аилахәыра деиҳабын.