Аҟәатәи аӡбарҭаҿ Борис Ачба быжьшықәса ҭакрала ихыгара иқәырҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукСухумский Городской суд
Сухумский Городской суд  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.05.2021
Анапаҵаҩра
АУН "Аԥсныавтомҩа" уаанӡатәи адиректор хада Борис Ачба абиуџьет ԥарақәа – 19 471 162 мааҭ итәитәит ҳәа ахарадҵа иҭоуп.

АҞӘА, лаҵара 5 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Борис Ачба абиуџьет ԥара хыԥхьаӡара рацәала итәитәит ҳәа ахарадҵа ҟаҵаны азеиԥш режим иаҵанакуа ариашаратә колониаҿ быжьшықәса ҭакрыла ихигарци, имазара имхзырци қәҵараны иаднакылеит.

Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбаҩ Мадина Чанԥҳа иазгәалҭеит Борис Ачба ицәгьоура ихьанҭоу цәгьоураны ишыԥхьаӡоу, аҩнытә рбаандаҩрала ахарахыгарагьы шзалымшо.

Борис Ачба идукат иазгәалҭеит аӡбарҭа аӡбра дшақәшаҳаҭым, Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь дшазашшуа.

Ахарахыгара аамҭаан иазгәаҭахоит Борис Ачба 2020 шықәса рашәара 18 инаркны ԥхынгәы 14 рҟынӡа иҭакреи 2020 шықәса ԥхынгәы 15 инаркны 2021 шықәса лаҵара 4 рҟынӡатәи иҩнытә рбаандаҩреи раамҭа.

Генеральная прокуратура республики Абхазия - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.04.2021
Апрокуратура хада Борис Ачба аа-шықәса иқәҵазарц азыҳәа ҟанаҵеит

Аусҭҵаара адыррақәа рыла, Ачба мцҳәарыла 20 миллион мааҭ абиуџьеттә ԥарақәа еимиҵәеит, адокумент ԥаршеиқәа ихы иархәаны, ишьақәыргылам ахаҿы дицырхырааны, 2017 шықәса жәабран 27 рзы Аԥсны усҟантәи ахада Рауль Ҳаџьымба ихьӡала инаишьҭыз ашәҟәаҿы иарбаз адыррақәа ԥаршеин.

Аусӡбара аверсиа инарықәыршәаны Борис Ачба ашәҟәаҿы иаирбеит 2016 шықәса жьҭаара-абҵара амзақәа раантәи аӡхыҵрақәеи 2017 шықәса ажьырныҳәа-жәабран амзақәа рзы иҟаз аӡслеирақәеи раан Ааԥсҭеи Хыԥсҭеи аӡиасқәа ирхыз автомабилтәи аихамҩатәи цҳақәа уашәшәырахеит ҳәа.

Абри ашьҭахь ахада ифонд аҟынтәи 19 471 162 мааҭ аремонттә усурақәа ирзоужьын. Ачба арҭ аԥарақәа итәитәит зышьаҭаркҩы Филимонов дхыҭҳәааз ИАЕ "ЮгСтройКомплект" иареи аилаӡара рыбжьаҵарала.

Борис Ачба иумҭа Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 156 ахәҭа 4 иаҵанакуеит.

Борис Ачба идукат Инга Габилаиаԥҳа аҳәара ҟалҵеит Ачба ашьақарчымазареи ашьақәыӷәӷәара ҳараки шимоу азхьаԥшра арҭарц. Арҭ ачымазарақәа арбаандаҩра алзмыршо ачымазарақәа реиқәыԥхьаӡахь иаҵанакуеит.

Борис Ачба 2014 инаркны 2016 шықәсанӡа аҳәынҭқарратә еилахәыра "Аԥсныавтомҩа" ахада ихаҭыԥуаҩс дыҟан. 2016 шықәса инаркны аилахәыра деиҳабын.

1994 шықәса инаркны 2007 шықәсанӡа Аҟәа анхарҭатә усбарҭа деиҳабын, иара убас ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩс дыҟан. 2007 шықәсазы Ачбеи, Аҟәа ақалақь ахада Асҭамыр Адлеибеи, афинансқәа рыҟәша аиҳабы Константин Ҭыжәбеи, анхарҭатә усбарҭа аиҳабы Давид Џьынџьали русура иамхын аҳәынҭқарратә мал еимырҵәеит ҳәа. Агәаҭарақәа рылҵшәақәа рыла Борис Ачба ҭакрадатәи ахарахгара иқәҵан.

Ажәабжьқәа зегьы
0