АҞӘА, ԥхынгәы 12 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент актәи аԥхьарала иаднакылеит "Аԥсны Аҳәынҭқарратә демографиатә политиказы" азакәан апроект, ԥхынгәы 12 рзы имҩаԥысыз аилатәараҿы.
Адепутат Алхас Џьынџьал иажәақәа рыла, ари апроект актуалра аҵоуп, избанзар Аԥсны иҟаӡам адемографиатә политика ахҳәаа азыҟазҵо нормативтә акткгьы. Иаҳҳәозар, азакәан аҿы рыӡбахә ҳәоуп адемографиатә шәарҭарақәа - адепопулиациа, иқәынхо ажәлар рықәра ацлара, изхыламԥшуа амиграциатә процессқәа, аҭаацәара аинститут ахыԥша алаҟәра.
Адемографиатә политика апринцип хадақәа - ари Аԥсны адемографиатә ҭахрақәа раԥхьа игылоуп, уи жәларбжьаратәи азин апринципқәа ирықәшәозароуп, адемографиа аусхкаҟны аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русура еиқәшәо, еибыҳәаны имҩаԥыргалароуп, адемографиатә шәарҭарақәа ианаамҭоу рыӡбара аҭахуп.
Адемографиатә политика адҵа хадақәа - ауааԥсыра рыԥсҭазаара аиӷьтәра, аира аизырҳара, аԥсра аларҟәра, аҭаацәа аинститут арӷәӷәара, аҭаацәаратә еизыҟазаашьақәа ирылоу адоуҳатә традициақәа реиҭарҿиареи рырҿиареи, аҳәаанырцә инхо аԥсуа милаҭ ахаҭарнакцәа хатәгәаԥхарала ихынҳәыртә еиԥш аҟаҵара.
Аҳәынҭпрограмма аԥара азоужьхоит ареспубликатә биуџьет аҟынтәи, арепатриациеи адемографиеи иртәу ибиуџьеттәым аҳәынҭқарратә фонд аҟынтәи.