Наала Гәымԥҳа, Sputnik
Абызшәоуп даҽа милаҭк урылазмырҩашьо, аӡәкны уеидызкыло. Абызшәа ныҟәызго, иарала ихәыцуа ажәлар рхыԥхьаӡара акраҵанакуеит иарбан ҳәынҭқарразаалак аҟны. Адемографиа аизырҳаразы иахәҭоу аҭагылазаашьа аԥҵара, уи азхьаԥшра акраҵанакуеит амилаҭ ҿиара аҟны.
Аԥсуа жәлар еснагь адемографиа иаԥырхагаз аҭагылазаашьақәа рзаԥҵан. Зегьы реиҳа илахьеиқәҵаганы иҟалаз 1877-1878-тәи ашықәсқәа раан еилашуаз аурыс-аҭырқәа еибашьра ацәқәырԥа шьаҭанкыла иалаӡит шьала-дала иаҳзааигәаз аублаа, Кавказ иқәынхоз ажәларқәа зегьы, еиҳараӡак аԥсуаа рыԥсадгьыл ааныжьны имцар ада ԥсыхәа рмоуит. Ҳәарада, Аԥсны иқәынхоз аԥсуа жәлар рхыԥхьаӡара акырӡа еиҵахеит усҟантәи ашықәсқәа рзы, уи адемографиатә ҭагылазаашьа акыр ианыԥшит.
Шықәсык иалагӡаны аԥсуа жәлар рхыԥхьаӡара абжанӡа иеиҵахеит. Асовет аамҭазы Аԥсны Қырҭтәыла аларҵәаразы имҩаԥыргоз аполитика иахҟьаны, Қырҭтәылантәи иааны ақырҭқәа ҳаланхо иалагеит. 1990 ашықәсқәа раан урҭ рхыԥхьаӡара акырӡа еизҳаит аԥсуаа раасҭа. Анаҩс, 1992-1993 шықәсқәа рзы иҟаз Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иахҟьаны ҳдемографиатә ҭагылазаашьа еиҳагьы еиҵахеит.
Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аусзуҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Асҭанда Ҳашԥҳа лажәақәа рыла, иахьа адемографиа аганахьала аԥсуа жәлар акырӡа еиҵаханы иҟоуп. Аира аасҭа аԥсрақәа рацәахеит.
"Иахьа Аԥсны адемографиа аҭагылазаашьа даараӡа ихьанҭоуп. Ахшараиура астатистика иаразнак ашәҟәы иҭаргалозар, ауаҩы иԥсҭазаара даналҵлак аҭаацәа идунеи зиԥсахыз атәы аршаҳаҭга ианаамҭоу аусӡбарҭахь инаргаӡом. Уи астатистика иаԥырхагахоит, аԥсра аасҭа аира еиҳа ирацәоушәа убоит", - ҳәа дазааҭгылоит Асҭанда Ҳашԥҳа.
Иҟалалоит убас еиԥш аҭагылазаашьақәа, аԥсуа ҭаацәараҟны ахәыҷы даниуагьы, документла уи дышиз араҟа ианарбам. Уи змааноу, ҵаҵӷәыс иамоу атәы ҳзеиҭалҳәеит аҭоурыхҭҵааҩ Асҭанда Ҳашԥҳа.
"Сынтәа иаҳбаз ахшараиура астатистика даараӡа аинтерес аҵоуп. Аҳәаа аркра иахҟьаны, ахшара Аԥсны аҩнуҵҟа шаҟаҩы ииз еилыкка иаҳбарҭахеит. Уи змааноу, анацәа Урыстәыла ахшараиура ицозҭгьы, иҟаз аԥкрақәа ирыхҟьаны араҟа ирыдыркылар акәхеит. Урыстәыла ахәыҷы даниуа, уаҟа ауп дахьҭарыҩуа, убри иахҟьаны Аԥсны ахшараиура астатистикаҟны дарбахаӡом", - ҳәа лҳәоит Ҳашԥҳа.
Иазгәаҭатәуп даҽакгьы, Аԥсны адемографиа иапроблеманы иаанхо акакәны ишыҟоу ахаҵамцареи аԥҳәысаамгареи. Уи апроблема атәы дазааҭгыло, Асҭанда Ҳашԥҳа иазгәалҭоит:
"Иахьатәи ҳаамҭазы аҭаацәара иаламлац ахацәеи аҳәсеи рхыԥхьаӡара даара ирацәоуп аԥсуа жәлар рыҟны. Аҭыԥҳацәа хаҵа имцац еиҳа еиҳауп ахацәа ԥҳәыс даазымгац раасҭа. Уи зыхҟьо, раԥхьа иргыланы иаҳхысыз Аџьынџьтәылатә еибашьра, насгьы аҭаацәара аԥызымҵац даҽа блакала уи азҵаатәы рахәаԥшра. Ирацәоуп узлацәажәаша, уи зегьы араҟа иаҳзымҳәаргьы, иазгәаҭатәуп, уажәтәи ҳаамҭазы аҿар рҭахрақәа акыр ишырацәахаз. Материалла аӡәы диеиҵамкәа иҟазаара еиҳа иацклаԥшуа иалагеит. Арԥарцәа ракәзаргьы убас", - ҳәа азгәалҭоит Ҳашԥҳа.
Адемографиа еиҵанархоит атәым милаҭқәа иреиуоу рыԥсҭазаарақәа анеиларҵо. Уи доусы ихатәы алхроуп, аха аԥсуа жәлар, ҳара ҳашмаҷу аҟнытә, иаҳнумбааларц залшом.
Асҭанда Ҳашԥҳа ааигәа имҩаԥылгеит асоциалтә зҵаара́́, аԥсуа жәлар атәым милаҭ илахәхара ишахәаԥшуала, 500-ҩык дахьразҵааз, рҭакқәа рҽеиҩыршеит.
"Асоциалтә зҵаара ахьышьҭысхыз, 50 шықәса иреиҳау мап ркит атәым милаҭ рылахәхара, аҭаацәара аԥҵара. 18 шықәса инаркны 25 шықәса рҟынӡа зхыҵуа иақәшаҳаҭуп атәым милаҭ лаагара, иццара, 25 шықәса инаркны аҭак аҟаҵара рцәыуадаҩхеит. Убри ала аҭакқәа рҽеиҩыршеит", - ҳәа дазааҭгылоит аҭоурыхҭҵааҩ.
Аԥсуа қыҭақәа рыҟны ирацәоуп аҭаацәара иаламлац ахацәа.
"Ԥшьба-хәба қыҭа сахьрылсыз, 20 инаркны 45 шықәса зхыҵуа ахацәа аҭаацәара иаламлац рхыԥхьаӡара шәҩык иреиҳамзар, иреиҵам. Ари зегьы иаҳзеиԥшу рыцҳарахеит", - ҳәа азгәалҭоит Асҭанда Ҳашԥҳа.
Адемографиа аизырҳаразы иҟаҵатәузеи, иарбан ҭагылазаашьоу ажәлар ирзаԥҵатәу, џьаракыр ирыдгылатәума аҳәынҭқарра аганахьала ҳәа ҳанлазҵаа, илҳәеит:
"Ҳәарада, иҟоуп ауадаҩрақәа жәпакы. Иаҳҳәап, ақыҭаҟны инхо ҭаацәарак аҟны иҟоуп хҩы-ԥшьҩы аишьцәа. Урҭ аҭаацәара иалаларц азыҳәан рхатәы хыбра рымазароуп, аха ирымаӡам уи еиԥш алшара. Аҳәынҭқарра аганахьала ацхыраара рыҭатәуп излауала. Уи имариам усуп, аха ахылаԥшра аумҭар, ҳдемографиатә ҭагылазаашьа излаҟоу аасҭа акырӡа еицәахоит", - ҳәа алкаа ҟалҵоит Ҳашԥҳа.