Абаҳчамаахыр ааӡаразы апроект 2011 шықәса рзы иаԥҵан иҳәынҭқарратәым ахеилакқәа рыцхырараала ҳәа еиҭеиҳәеит Тыҩба.
"Иара амалина залаҳхыз убри ауп, усҟан имҩаԥаагаз аҭҵаара иахнарбеит аџьармыкьаҿы иара шмаҷыз. Уажәы гектарк инацны иҳамоуп ашьапқәа. Хә-тоннак инацны амалина аџьармыкьахь инаҳгартә алшара ыҟоуп. Иҳамоу ахкы иаҳнаҭоит алшара ҳазҭоу амза инаркны ахьҭақәа ҟалаанӡа иаҳҭаалартә еиԥш, фымз аҽаҩра ҳауеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Тыҩба.
Абаҳчамаахырааӡаҩ иҳәеит аҭиразы уадаҩра шрымам. Иҟоуп аҿаҵақәа аҭаацәарақәа рҟнытә тоннак инацны, аџьармыкьаҿы изгогьы аҭиҩцәа ыҟоуп, ахаа-мыхаақәа ҟазҵогьы анаплаккәа ҳамоуп ҳәа азгәеиҭеит иара.
Анаплакҩы иажәақәа рыла, дызҿу аус иаҳагьы ирҭбаарц иҭахуп, уи аҟынтә ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма далахәуп.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Иара убас шәахәаԥшыр ҟалоит:
Абаҳчамаахыр аамҭа: Аракьаҿы ақыҭантәи аргәыцқәа
Икәеицеиуа аргәыцқәа: Аԥсны абаҳчамаахыр шҿырхуа