Акриптофермақәа ҩба рыԥшааит Алаҳаӡы ақыҭан

Ԥхынгәы 12 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа имҩаԥигаз аилатәараҟны араионқәа рхадацәа ргәырҽаниҵеит амаининг азы иҟоу аҭагылазаашьазы аҭакԥхықәра дара ишрыдло.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 14 - Sputnik. Агәаҭаратә усмҩаԥгатәқәа раан "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа Гагра араион Алаҳаӡы ақыҭан ирԥшааит акриптовалиута арҳаразы аус зуаз афермақәа ҩба, урҭ рахьтә руак Ацитрустә совхоз аҵакыраҿы иҟан, абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".

Иазгәаҭоуп урҭ афермақәа рзеиԥш мчхара 762 киловатт ишыҟоу.

421 маруга рымырхит Аҳәынҭстандарт аусзуҩцәеи амчратә усбарҭақәа русзуҩцәеи рыла ишабоз. Аппаратқәа рышьҭит ирымырхуа амаининг-хархәагақәа рыҵәахразы рашәарамзазы иаадыртыз иҷыдоу ашьҭаҵарҭахь.

Уаанӡа Пицунда иаадырԥшит ихылаԥшрадоу архәҭа аҵакыраҿы аус зуаз акриптоферма.