Арадио

Дочиа акриптофермақәа рзы: араион ахада идыруазароуп иҟоу, уи азы агәаара аҭахӡам

Тҟәарчал ахада Исидор Дочиа арадио Sputnik аефир аҟны игәаанагара иҳәеит акриптофермақәа раарԥшразы араионқәа рхадацәа ирыдло хаҭалатәи аҭакԥхықәразы.
Sputnik
Дочиа акриптофермақәа рзы: араион ахада идыруазароуп иҟоу, уи азы агәаара аҭахӡам

Акриптоԥарарҳара закәандоуп ҳтәылаҿ, аха азакәан иацныҟәом аԥара агьама збаз. Арҭ амшқәа рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа амаинингқәа раарԥшразы аусура иацҵазарц адҵа ҟаиҵеит, иара убас араионқәа рхадацәа зегьы ргәырҽаниҵеит хаҭала аҭакԥхықәра шрыдло изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аҭагылазаашьа инамаданы. Агәаҭарақәа иаадырԥшит раионцыпхьаӡа ишыҟоу урҭ афермақәа.

Бжьаниа иара убас "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы адҵа ииҭеит Тҟәарчалтәи РЕС анапхгаҩы имаҵура дамихырц, избанзар аҵыхәтәантәи аамҭазы уа иаарԥшын 600 аппарат инареиҳаны. Аԥсны ахада иазгәеиҭеит амаинингтә маругақәа ахьырԥшаауа араионқәа рхадацәа рхала русура шынрыжьуа азы арзаҳалқәа рыҩлар рылшоит ҳәа.

"… Аԥара аӡәы ирҳауеит ҳәа ажәлар зегьы ԥырхага рнамҭароуп… Араион аҟны акы-ҩба амаругақәа ззықәгылоу рацәоуп, ақалақь ахада иаҳасабала сара издыруазароуп аҭыԥаҟны иҟоу, уи азы агәаара аҭахӡам аҳәынҭқар ииҳәаз азы. Уи нагӡатәуп аҵыхәтәанынӡа, аҭагылазаашьагьы ыҟоуп, аус еицыруроуп амилициа, егьырҭ аусбарҭақәа", - иҳәеит Дочиа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: