Бжьаниа араионқәа рхадацәа амаининг азы аҭагылазаашьазы аҭакԥхықәра шрыдло иҳәеит

© Foto / АПСНЫПРЕСС Президент Аслан Бжания провел рабочее совещание с участием членов правительства
Президент Аслан Бжания провел рабочее совещание с участием членов правительства - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аусутә еилатәара мҩаԥигеит Аиҳабыра рхаҭарнакцәеи ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәеи алархәны. 

АҞӘА, ԥхынгәы 13 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа амаинингқәа раарԥшразы аусура ацҵазарц адҵа ҟаиҵеит, иара убас араионқәа рхадацәа зегьы ргәырҽаниҵеит хаҭала аҭакԥхықәра шрыдло изакәанымкәа акриптовалиута аиуразы иҟоу аҭагылазаашьазы. Абри атәы аанацҳауеит аинформациатә маҵзура Аԥсныпресс.

Стеллажи с фермами для майнинга криптовалют. - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.06.2021
Бжьаниа иҳәеит Аԥсны акриптовалиута аргама арҳаразы иҟоу аԥхьаҟатәи аԥеиԥш

"Аҭыԥ аҟны ахара зду ирыхәҭоу иақәшәмыршәалар, шәара хаҭала аҭакԥхыра шәхахьы ижәгалар акәхоит", - иҳәеит Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра ахада иара убас иазгәеиҭеит АШәМ-гьы амаининг аҿагылараҟны ишрывагылаз.

"Мызк ҵуеит адҵа роухьеижьҭеи, аматериалгьы маҷымкәа еизыргахьеит", - иҳәеит иара.

АШәМ ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Ахьиба еиҭеиҳәеит ԥхынгәы 4-12 рзы ишаарԥшыз иагьшықәгаз акриптовалиута аиуразы 2450 аппарат, ААР ашьҭаҵарҭаҿы урҭ рахьтә 1816 цыра ыҟоуп.

Ахьиба иара убас рационцыԥхьаӡа адыррақәа ааигеит:

  • Гал араион Алакәымҳара ақыҭан иаарԥшын 668 аппарат, иара убас акрипторгыларҭа, уа иԥшаан быжь-цырак. 
  • Аберқыҭ - 43 аппарат. В селе Абыркыт обнаружено 43 аппарата.
  • Риаԥ  – 40.
  • Гал – 42.
  • Тҟәарчал уаанӡатәи амҿыԥҟарҭаҿы иаарԥшын 331 аппарат ахьықәгылаз аферма.
  • Атәылахьчара аминистрра уаанӡатәи ашьҭаҵарҭаҿы - 311 аппарат ахьықәгылаз аферма.
  • Пицунда уаанӡатәи аракетатә хәҭаҿы - 327 аппарат ахьықәгылаз аферма.
  • Алаҳаӡы ақыҭан – 245.
  • Бармышь ақыҭан – 11 аппарат.
  • Дәрыԥшь – 60 цыра.
  • Хыԥсҭа – 50.
  • Лыхны – 50.
  • Аҟәа Март 4 амҩаҿы игылоу ачазауад аҵакыраҿы - 27 аппарат. 
  • Аҟәатәи аӡлагаракомбинат аҿы - 94 цыра, уаанӡатәи ақьырмыт зауад аҿы – 26.
  • Шыцкәара ақыҭан рықәгара иаҿуп 25 аппарат.
  • Тамшь ақыҭан - 28 аппарат.
  • Ԥақәашь ақыҭан – 25.

Гал араион ахада Константин Ԥлиа иажәақәа рыла, Алакәымҳара иԥшааз аппаратқәа уаанӡа Хәымышькәыр ақыҭан ишаҿыхыз. Анаҩс урҭ Алакәымҳараҟа ииаргеит. Уа урҭ ахыбра анрыздыргыла, аиҳабыра иаразнак иахәҭаз аусмҩаԥгатәқәа нарыгӡеит.

Ахада иазгәеиҭеит иара имоу адыррала уи аферма ЕгрыГЕС атоннель аусура алзыршо афымцацәаҳәа иаҿаԥыршьит ҳәа, адҵагьы риҭеит АШәМ ари аинформациа ҭырҵаарц.

Бжьаниа иара убас "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы адҵа ииҭеит Тҟәарчалтәи РЕС анапхгаҩы имаҵура дамихырц, избанзар аҵыхәтәантәи аамҭазы уа иаарԥшын 600 аппарат инареиҳаны.

Бжьаниа иара убас ахада иусбарҭа аиҳабы Алхас Кәыҵниеи аԥыза-министр Александр Анқәаби адҵа риҭеит амчыбжь нҵәаанӡа изакәанымкәа амаининг ахархәара азҵаарақәа ирызку аилацәажәара мҩаԥыргарц, хаҭала ахара зду рыӡбахә рҳәарц.

"Аусура иамхтәу ыҟазар, шәааи иамҳхып. Ахәаша шәажәалагалақәа ҳарзыԥшуп. Аус еицыжәу, азинхьчаратә усбарҭақәа шәыцхраауеит. Анапхгаҩцәа зегьы рҵыхәала аӡбамҭақәа сырзыԥшуп, сара нас адокументқәа снапы рыҵазыҩуеит", - иҳәеит ахада.

Иара иазгәеиҭеит уаҵәы инаркны амаинингтә маругақәа ахьырԥшаауа араионқәа рхадацәа рхала русура шынрыжьуа азы арзаҳалқәа рыҩлар рылшоит.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр адҵа иҭан иқәгаз акриптофермақәа ахьырҵәахуа ахыбрақәа рыхьчара алдыршарц, иара убас даҽа хыбракгьы абри аус азы еиқәдыршәарц.

Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба ахада идигалеит уахынла сааҭқәак аинтернет дырцәаларц, усҟан акриптовалиута аиура алшом.

Ажәабжьқәа зегьы
0