Очамчыраа агәынамӡара аадырԥшит амаининг-хархәагақәа ахьрымырхыз

Очамчыра араион ахадара излаарыцҳауа ала, Араду ақыҭан аҿагыларатә акциа ҟалаанӡа мышк аԥхьа амчратә усбарҭақәа имҩаԥыргеит изакәанымкәан акриптовалиута арҳара аанкыларазы агәаҭарақәа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 14 - Sputnik, Бадри Есиава. Очамчыра араион қыҭақәак рынхаҩцәа агәынамӡара аадырԥшит изакәанымкәан акриптовалиута арҳара аанкыларазы амчратә усбарҭақәа имҩаԥыргаз агәаҭарақәа рзы. Абри атәы иҳәеит Очамчыра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Артимон Габилаиа, иагьазгәеиҭеит аҩаша ԥхынгәы 13 рзы Араду ақыҭан ишеизаз.

Бжьаниа араионқәа рхадацәа амаининг азы аҭагылазаашьазы аҭакԥхықәра шрыдло иҳәеит

"Арҭ ауаа дҵаны иқәдыргылоит аӡәгьы дрыламкьыскәан аус руртә алшара рырҭарц. Сара ишеилыскааз ала дара ҩба, хәба цыра амаинингқәа ззықәгылоу роуп. Араҟа аферма дуқәа рыӡбахә акәӡам иҳәоу. Аҿагыларатә акциа ҟалаанӡа мышк аԥхьа амилициа аусзуцәа аҵх акыр инаган Ԥақәашь ақыҭан аус руан. Анхацәа амчратә усбарҭақәа рхымҩаԥгашьа агәынамӡара рызцәырнагеит, дара ишырҳәо ала амаининг-хархәагақәа аӡәы иҿы хә-цырак ргеит, даҽаӡәы иҿы - ф-цырак. Убри аан урҭ ишрымырхыз ала изакәызаалак шәҟәык аҿы иадмырбаӡеит", - иҳәеит иара.

Габилаиа иажәақәа рыла, аҿагыларатә акциахь инеит араион ақыҭақәа зегь рҟынтәи акриптовалиута арҳара знапы алаку ауаа.

Ари азҵаара иалацәажәан араион ахадараҿы. Арахь иааит Жәлар Реизара адепутатцәеи аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩи, - иҳәеит иара.

Аԥсны акриптовалиута арҳареи уи азы ахархәагақәа ралагалареи рзин аанкылоуп 2022 шықәса хәажәкыра 31 рҟынӡа. Аӡбамҭа рыдкылан Аԥсны афымцамч ахархәара ахьацлацәаз иахҟьаны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: