Аҟәа ахәҭак ӡрыжәтәда иаанхоит ашәахьа ԥхынгәы 19 рзы

Аҩада Кьалашәыр аӡымҩангага ԥжәеит, уи аиҭашьақәыргыларазы аҳҭнықалақь ахәҭақәак рҟны аамҭала аӡы аанкылатәуп.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 18 - Sputnik. Ашәахьа ԥхынгәы 19 рзы Аҟәа араионқәак ӡрыжәтәда иаанхоит, абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара Facebook аҿтәи адаҟьаҿы.

Аҟәатәи "Аӡыканал" иҟанаҵаз адыррала, Аҩада Кьалашәыр здиаметр 500 миллиметра иҟоу аӡымҩангага ахьԥжәаз иахҟьаны ауадаҩрақәа цәырҵит.

Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгаразы аӡрыжәтә аанкылахоит асааҭ 00:00 инаркны 18:00 рҟынӡа Турбаза, Синоп ахәҭак, Ҷанба имҩа, иара убас ақыҭақәа Абжьаҟәеи Ӡыгәҭеи рҿы.