АҞӘА, ԥхынгәы 18 - Sputnik. Ашәахьа ԥхынгәы 19 рзы Аҟәа араионқәак ӡрыжәтәда иаанхоит, абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара Facebook аҿтәи адаҟьаҿы.
Аҟәатәи "Аӡыканал" иҟанаҵаз адыррала, Аҩада Кьалашәыр здиаметр 500 миллиметра иҟоу аӡымҩангага ахьԥжәаз иахҟьаны ауадаҩрақәа цәырҵит.
Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгаразы аӡрыжәтә аанкылахоит асааҭ 00:00 инаркны 18:00 рҟынӡа Турбаза, Синоп ахәҭак, Ҷанба имҩа, иара убас ақыҭақәа Абжьаҟәеи Ӡыгәҭеи рҿы.