Аҟәа иҟалаз аиҿахысраан ахәра зауз иҭагылазаашьа атәы рҳәеит

Аслан Зыхәба ахәра иоуит Аҟәа Аҳабла ҿыц аҿы асабша ԥхынгәы 17 рзы иҟалаз аиҿахысраан, Руслан Гәдалиеи Беслан Ӡыбеи ҭахеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 18 - Sputnik, Бадри Есиава. Аҳабла ҿыц аҿы аиҿахысраан ахәра зауз Аслан Зыхәба аоперациа изыҟарҵеит, аԥсеиқәырхарҭаҟынтәи апалатахь диаргеит ҳәа Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура адырра ҟарҵеит амҽыша ԥхынгәы 18. 

Аусбарҭаҟны иара убас иазгәарҭеит ахәра зауз иԥсҭазаара ашәарҭара ишҭагылам. Иара хык илҟьеит, ҽакы ицрасит. Аоперациа изымҩаԥыргеит асабша ахәылԥаз.

Аусбарҭа адыррақәа рыла, аиҿахысра ҟалеит асааҭ 19:54 рзы, Цәыббра 30 амҩа, №8 аҩны аҿаԥхьа.

Ихәыз хҩык ацхыраара рыҭаразы Ареспубликатә хәшәтәырҭахь инаган.

Аԥсны Апрокуратура хада Аҟәа иҟалаз аиҿахысразы ашьаус хацнаркит

Руслан Гәдалиеи Беслан Ӡыбеи иаразнак рыԥсҭазаара иалҵит, Аслан Зыхәба раԥхьа ареанимациахь днаганы иԥсеиқәырхара иалагеит.

Аԥсны ААР ашьаусԥшаара-оперативтә гәыԥи аексперт-криминалисттә центр аспециалистцәеи аусура иаҿуп. Имҩаԥыргоит ари ацәгьоура ҟазҵаз ахаҿқәа рыԥшааразы ауснагӡатәқәа.

Апрокуратура хада ари ахҭыс азы ашьаус хацнаркит.